Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныппресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны амедицинатә цхыраара рыҭара азҵаарақәа ирызкны инарҭбаау аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аусуратә еилатәара рхы аладырхәит аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делба, ахәышәтәра-профилактикатә ҟәша аиҳабы Баҭал Кациа, ахәышәтәра-профилактикатә ҟәша аспециалист хада Дамеи Кәалӷьы, Аминистрра азиндырҩы Инна Кәыҵниа, иара убас абгаԥсатә медицинатә еиҿкаара ахаҭарнак.
Аминистр иарбоу ахырхарҭала имҩаԥысуа аусура азы адырра ирҭеит. Уажәазы ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса азы аполис рымоуп 50 000-ҩык инареиҳаны ареспублика ауааԥсыра.
Едуард Быҭәба Аԥсны ауааԥсыра ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аполис иазԥхьагәанаҭо иахәҭоу амедицинатә цхыраара ианаамҭоу инагӡаны ироуртә еиԥш урыстәылатәи амедицинатә усбарҭақәа аус рыцура аҩаӡара аиӷьтәразы анапынҵақәа ҟаиҵеит.
Апациент ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аполис аус ахьауа амедицинатә усбарҭак аҿы апроблемақәа изцәырҵуазар, усҟан уи аполис иану аномер ала абгаԥсатә еилазаара ахь дасыр илшоит.
Абгаԥсатә еилазаара аспециалистцәа хымԥада иахәҭоу аконсультациатә цхыраара ҟарҵоит.