АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:08

Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿаԥхьа амашьынаргыларҭа аҟаҵара иалагеит

Аҟәа ақалақь ахадара амаҵзурақәа аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ахыбра азааигәара иҟоу амашьынаргыларҭа арҽеиразы аусурақәа ирылагеит.

Уажәы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуеит, анаҩс аргыларҭатә ҭыԥқәа разырхиара иалагоит.

«Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿаԥхьа иҟаз амашьынаргыларҭа ахаҭабзиара бааԥсын. Амшцәгьақәа раан аӡы ҭачуан. Ҳтәылауаа рзы акыр иманшәаламызт.

Ҭемыр Агрба инапынҵала аусурақәа ҳрылагеит. Амашьынаргыларҭа аиҭашьақәыргылара абзоурала иаԥҵахоит ашәарҭадара, иарҽеиуеит адәахьтәи аҭеиҭыԥш, - иҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара амуниципал унитартә наплакы «Ақалақьргылара» анапхгаҩы Асҭамыр Ԥиԥиа.


Read 38 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.