АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 17:07

Гагра ирымхын акцизатә дырга змамыз аҭаҭын иалху аалыҵ

Ажьырныҳәамза 26 рзы Гагра ақалақь аҿы, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аконтрабандеи аҳазалхратә зинеилагарақәеи рҿагыларазы аусбарҭа аусзуҩцәа агәаҭарақәа мҩаԥыргеит Барцыц Г.Р. идәқьан аҿы.

Агәаҭарақәа раан иаарԥшын адәқьан аҿы Аԥсны акцизтә дыргақәа змам еиуеиԥшым аҭаҭын хкқәа шырҭиуаз, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура. Иааизакны иԥшаауп 102 600 мааҭ рыхә, 420 ҭоԥ аҭаҭын.

Аҭаҭын иалху аалыҵ зегьы рымхуп, аус иадҳәалоу адыррақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаара аҟәшахьы инашьҭуп.


Read 21 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.