АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:33

Иналукааша ҩыџьа аспорт аусзуҩцәа 85-шықәса рхыҵит

Олег Лакрба - АССР абаҩрҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, анапылампыл азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу.

Ӡука Бениа - СССР аспорт азҟаза, зхы иақәиҭу ақәԥаразы зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу.

Аспорт аветеранцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба. Уи аспортсменцәа рџьабаа ахә ҳаракны ишьеит:

«Ҳтәылаҿы аспорт арҿиараҿы шәлагала ахә ашьара уадаҩуп, ишәааӡахьеит аспортсменцәа дуқәа. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәус гәык-ԥсыкала шәахьазыҟоу азы, аҿар рзы шәҿырԥшыгоуп. Шәиубилеи шәыдныҳәало ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч», - иҳәеит иара.

Аветеранцәа, анапхгареи рколлегацәеи иаадырԥшыз азҿлымҳаразы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.


Read 27 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.