АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:05

Агәыӡера аҳаблаҿы ихацыркхеит апроект «Арт-Хаб»

Абри атәы ҳәоуп «Аԥсны арҿиаҩцәа» адаҟьаҿы.

Апроект ахықәкы хадақәа иреиуоуп иқәыԥшу абиԥарақәа рыгәҭакқәа рынагӡареи, урҭ рҟазара арҿиареи рзы ҳаамҭа иақәшәоу иманшәалоу аплатформа аԥҵара.

Агәыӡера аҳаблаҿы иҟоу акультура ҩны ҭыԥс иахьалхыз машәыршақә иҟамлаӡеит. Араион акультуратә ԥсҭазаара ахьымҩаԥысуа ҭоурыхтә центруп, аҭыԥантәи ашкол аҵаҩцәа рзы иманшәалоуп.

Даур Бигәаа ихьӡ зху Гәылрыԥшьтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа астудиа аԥҵара иалахәуп. «Арт-Хаб» адәахьтәи аҭеиҭыԥш аԥҵахоит араион хәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуа аицлабраҿы аиааира згаз русумҭақәа рыла.

Апрофессионалцәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара иалагахьеит, ашәқәеи аԥенџьырқәеи рыԥсахуеит. Иҟазаауеит ҳаамҭа иақәшәо аҩычагақәа, ирацәахоит алашара. 2026 шықәса лаҵарамза инаркны цәыббрамзанӡа хәыда-ԥсада имҩаԥыслоит амастер-классқәа:

• аҿыханҵа: ашьаҭа, ашәаԥыџьаԥ, абстракциа, апортреҭ;
• амузыкатә ҟазара: ашьаҭа, аимпровизациа, амузыкатә театр;
• аимхәыц арыԥхра: ашьаҭа, арԥшӡагақәа рыҟаҵара;
• аԥара: ахәмаргақәа, аҩычага калаҷкәырқәа рыҟаҵара;
• ацифратә рҿиара: SMM ашьаҭа, аконтент аԥҵара, ахатәы бренд.

Апроект мҩаԥысуеит Ахада игрантқәа Рфонд (Урыстәыла) адгыларала аицлабра «Аԥсны арҿиаҩцәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны.


Read 24 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.