АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 5:01

Ауааԥсыра рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәраҿы адгылара рыҭара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит аминистрцәа реилазаараҿы

Аԥыза-министр Владимир Делба ауааԥсыра рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәразы атәылауаа асоциалтә цхыраара рыҭара иазкыз аилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, уи актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Џьансыхә Нанба, Вараздат Миносиан асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы аминистр инапынҵақәа назыгӡоу Кама Аӡынба, аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилаки Афонди рнапхгаҩцәа.

«Аҳәынҭқарратә биуџьет аԥаратә хархәагақәа рыла инагӡахоит ахықәкытә программа «Анхарҭа». Иара убас аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд аԥаратә хархәагақәа рыла зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа ҳџьынџьуаа рзы аргыларақәа мҩаԥысуеит», – ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.

Иазгәеиҭеит асоциалтә цхыраара аиуразы ихадоу агәыԥқәа рышьақәыргылара шхымԥадатәиу.

«Ахада иҟаиҵаз аацҳамҭа излаҳәоу ала, ахшара рацәа змоу аҭаацәеи егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа ауааԥсыреи нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәаразы аусмҩаԥгатәқәа зегьы еидкылатәуп, амҽхак еиҳа иҭбаахарц. Сгәы иаанагоит аамҭа кьаҿк иалагӡаны инагӡахоу ажәалагалақәа еиқәҳаршәап ҳәа», – иҳәеит Беслан Ешба.

Аусуратә гәыԥ алахәылацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара зауа азинҷыда змоу ауааԥсыра ркатегориақәа рзы аӡбара рыдыркылароуп.


Read 78 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.