Уи анагӡаразы имҩаԥган абарҭ аусмҩаԥгатәқәа:
- арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара аизырҳара;
- ашколқәа реиӷьтәра, урҭ рматериалтә-техникатә база арҿыцра;
- аҵарадырра аусзуцәа руалафахәы ашьҭыхра;
- азанааҭтә усурақәа рымҩаԥгара .
Иахьазы Аԥсны аус руеит 39 хәыҷбаҳча, уаҟа 4203-ҩык ахәыҷқәа рааӡоит. Аус руеит абжьаратә школқәа 152, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ашкол-интернатқәа хԥа, алицеи-интернат, латәарадатәи ашкол, уа аҵара рҵоит 29 127-ҩык аҵаҩцәа. Иҟоуп ибжьаратәу апрофессионалтә ҵараиурҭақәа хәба, уаҟа 17 занааҭ рыла аҵара мҩаԥысуеит, аҵара рҵоит 623-ҩык астудентцәа.
Атәыла анапхгара арҵаҩцәа руалафахәы аиндексациа азура иаҿуп. 2025 шықәсазы аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рырҵаҩцәа, иара убас акласс анапхгаҩцәа руалафахәы иацҵан. Аминистр арҵаҩратә кадрқәа рзымхара азҵаара шыҟоу азгәалҭеит, илҳәеит аҵарадырратә усбарҭақәа административ-нхамҩатә маҵзурақәа русзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра шхымԥадатәиу.
Владимир Делба ари ауадаҩра шыҟоу насгьы, раионқәак рҟны ауалафахәы ашьҭыхразы ауснагӡатәқәа шымҩаԥысуа азгәеиҭеит. Иҳәеит арҵаҩцәа рзанааҭ аҳаҭыр шышьҭыхтәу, иагьациҵеит апрограмма «Ақыҭа арҵаҩы» аус адулара ишаҿу.






