АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 6:51

Аԥснынтәи ашколхәыҷқәа Псковтәи атәылаҿацә аҿы аҿар рылшарақәа ҭырҵаауеит

Аԥснынтәи ашколхәыҷқәа 20-ҩык аҵаратә программа «Урыстәылаҟа ашәышықәсақәа иргәылсны» аҳәаақәа ирҭагӡаны Псковтәи атәылаҿацә аҿы еиуеиԥшым аҿар рыплатформақәа ирҭааит.

Псков ақалақь аҿы Аҿар рыҩны аусушьа рбеит, аҿар раԥшьгарақәа Рцентр апроектқәа рынагӡараҿы ацхыраара шыҟарҵо гәарҭеит.

Аресурстә центр «Добро.рф» аҿы урҭ аволонтиортә усуреи, аиҩызаразы жәларбжьаратәи аклуби ирымоу алшарақәа ртәы рзеиҭарҳәеит. Азҿлымҳара ҷыда рнаҭеит «Иҿыцбароу аиндустриақәа рышкол», уаҟа идырбан 3D-амодельҟаҵара, аҿар рхы ԥыршәеит амузыка, атуризм, амедиа, адизаин аус рыдулараҿы.

Псковтәи атәылаҿацә аҿар рполитиказы аминистр Дмитри Иаков-иԥа иажәақәа рыла, ари аныҟәара аҿар рзы хра злоу алшарақәа аԥнаҵоит, иднарбоит ибеиоу аҭоурых.

«Аҿар рзы ашәқәа зегьы аартуп, ихадоу аҩналара мацара ауп, иҟоу алшара ахархәара аҭахуп», – иҳәеит Иаковлев.

Аԥыза-министр Владимир Делба зхадараҿы дыҟаз Аԥснынтәи аделегациа 2025 шықәса абҵарамзазы усутә визитла Псковтәи атәылаҿацә иаҭаан иҟан.


Read 109 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.