АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ажьырныҳәа.2026

2026 шықәсазы акьыбачымазара змоу рзы ахимиатә маҭәашьарқәа раахәаразы 96,5 млн. мааҭ азоужьхоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 15, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса Афонд 2026 шықәсазы абиуџьет ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рыла 113 млн. 595 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Иарбоу аицҵалыҵ аҟынтәи 109 млн. 38 нызықь мааҭ ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара иазырхахоит.

Убас:

  • Зцәа зтәым аҳәса, иаарласны ахшара дзоураны иҟоу аҳәса, ҿыц ахшара дзоуз аҳәса аҳәынҭқарратә медусбарҭа астационар аҿы рыҟазараан амедицинатә аалыҵқәеи ахәшәқәеи рыла реиқәыршәаразы – 12 млн. 488 нызықь мааҭ;
  • Акьыбачымазара змоу ауаа иҷыдоу ахимиатә маҭәашьарқәа рыла реиқәыршәара азы – 96 млн. 550 нызықь мааҭ.


Амилаҭтә акьыбачымазаратә Центр аҿы ашәҟәы иҭагалоу акьыбачымазара змоу ауаа актәии аҩбатәи асхемақәа (аетапқәа) ирықәшәо, иара убас ахәҭакахьала ахԥатәи аетап иазку ахимиатә маҭәашьарқәа рыла еиқәыршәахоит. 

Афонд анапхгараҭара аппарат аусура азы ахарџьқәа – 4 млн. 557 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.


Read 194 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.