АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:20

Аԥыза-министри астатистиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахадеи ашықәстәи аихшьаалатә ҳасабырба аиқәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 15, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза- министр Владимир Делба астатистиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Кама Гогиа дидикылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит иҳаҩсыз 2025-тәи ашықәс азы аусуреи уи алҵшәақәеи атәыла асоциал-економикатә ҿиара иазырханы инагӡаз ауснагӡатәқәеи рзы инарҭбаау аихшьаалатә ҳасабырба аиқәыршәара азҵаара.

Ирылацәажәеит астатистикатә ҳасабырбара ашьақәыргылара иадҳәаланы ицәырҵыр зылшо ауадаҩрақәеи урҭ рынагӡаразы имҩаԥгатәу аусмҩаԥгатәқәеи.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аелектронтә усшәҟәқәа реикәыршареи астатистикатә ҳасабырбара амҩаԥгараан аилагарақәа рзы административтә ҭакԥхықәра арӷәӷәареи иадҳәалоу азҵаарақәа.

Владимир Делбеи Кама Гогиеи иара убас 2030 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны ауааԥсыра ашәҟәы рынҵара аҽазыҟаҵара аетапқәа ирылацәажәеит.


Read 197 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.