Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, атәыла Анапхгара иҳаҩсыз 2025-тәи ашықәс азы аусуреи атәыла асоциал-економикатә ҿиара иазырханы инагӡаз ауснагӡатәқәеи рзы инарҭбаау аихшьаалатә ҳасабырба ҟарҵоит амза анҵәамҭазы.
«Атәыла Анапхгара иҳаҩсыз 2025-тәи ашықәс азы аусуреи уи алҵшәақәеи атәыла асоциал-економикатә ҿиара иазырханы инагӡаз ауснагӡатәқәеи рзы инарҭбаау аихшьаалатә ҳасабырба ҟарҵоит амза анҵәамҭазы. Узлацәажәаша ыҟоуп, иҟоуп жәаҳәарада иҟаҵатәугьы», - ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Делба.
Аԥыза-министри уи ихаҭыԥуааи злахәыз ари ашықәс азы ираԥхьатәиу аилатәараҿы Аминистрцәа реилазаара ахада Владимир Делба Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара- Апарламент ахь иҟаиҵаз анашьҭымҭа аҿы иазгәеиҭаз анапынҵақәа рынагӡара ҷыдала ахшыҩзышьҭра шаҭатәу азгәеиҭеит.
«Ишәгәаласыршәарц сҭахуп анапынҵақәа реиҳарак рынагӡаразы иазыԥҵәоу аамҭа шмаҷу – 2026 шықәса азыбжанӡа, напынҵақәак рынагӡаразы иазоужьу аамҭа еиҳагьы имаҷуп», – ҳәа иазгәеиҭеит аԥыза-министр.
Атәыла Анапхгара 2026 шықәсазы аусура еиҳа ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп ақыҭанхамҩа аҵакырақәа рырҿиара, ҿыц аҭаацәара иалалаз аҳәынҭқарратә дгылара рыҭара, иара убас атәылауаа рынхашьа аиӷьтәра.
Ақыҭанхамҩа аҿиареи анхаратә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи рзы апрограммақәа раԥхьаӡа акәны аҳәынҭқарратә статус роуит.
Владимир Делба Аҳәынҭқарра Ахада арепатриациа Афонд аҟынтәи зфинансыркра мҩаԥысуа, ҿыц аҭаацәара иалалаз аҭаацәеи егьырҭ атәылауаа ркатегориақәеи адгылара рыҭара иазырхоу апрограмма «Анхарҭа 2026-2028» аԥаратә хархәагақәа рконсолидациа азы иҟаиҵаз ажәалагала атәы еизаз иргәалаиршәеит.
Аилатәараҿы иара убас ҿыц асаби дахьиз аҭаацәа адгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәагьы ирылацәажәеит.
Владимир Делба Аҳәынҭқарра Ахада иқәиргылаз ахыдҵақәа инарықәыршәаны, ҳазҭоу ашықәс азы аус зуа ани-аби ахәыҷқәа риразы ашәарацҵақәа 50 000 мааҭ рҟынӡ а анагара алыршазароуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ԥхынҷкәынмзазы ҳара асоциалтә ԥгаԥса Афонд аԥшьгара адгылара аҳҭеит, иарбоу ашәарацҵа 28000 мааҭ рҟынтәи 35000 нызықь мааҭ рҟынӡа ишьҭаҳхит. Ашықәс нҵәаанӡа ҳара иаҳҭакԥхықәроуп иарбоу аԥаратә еицҵалыҵ 50 000 мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра алыршара», - ҳәа иҳәеит атәыла Анапхгара ахада.
Аԥыза-министр ауааԥсыра еиԥҟьарада афымцамч ала реиқәыршәара аганахьала хра злоу аиҭакрақәа рыҟазаара азгәеиҭеит.
«Ахархәара зауз афымцамч азы ашатәқәа реизгара аҩаӡара акыр зҵазкуа усуп. Изакәанымкәа афымцацәаҳәақәа рҽаҿакра, амаинингтә еиқәыршәагақәагьы уахь иналаҵаны аԥхьырҟәҟәаара иацҵоуп. Ашықәс ҿыц ҳара ҳҭалеит аԥкратә усмҩаԥгатәқәа рыда, иарбоу алҵшәа аиӷьтәра ҳалшап ҳәа агәыӷра ҳамоуп», -ҳәа иҳәеит Владимир Делба. Аилатәара аҿы иара убас акультура, аспорт, аҿартә политика, иара убас акурорттә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара иазкыз азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.






