АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ажьырныҳәа.2026

Амилициа аусзуҩцәа 498 грамм анаркотикатә маҭәашьар рымхра мҩаԥыргеит.

Аҟәа.  Ажьырныҳәамза  5, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы инхо, уажәы аамҭала Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу, 1980 шықәсазы ииз Чернова Елена Алеқсандр-иԥҳаи Афон Ҿыц инхо,  1981 шықәса рзы ииз Ҭраԥшь Амиран Тониа-иԥеи зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи анаҩс аҭиразы аҵәахреи аҭиреи рзы ахара рыдҵахеит.  

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшреи аҿагылареи Русбарҭа аусзуҩцәа Гәдоуҭа аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа рыцырхырааны иааныркылеит  Елена Черновеи Амиран Ҭраԥшьи.

Хаҭала лгәаҭараан Елена Чернова илыдырбалеит иагьлымырхит зыкапан 160 грамм рҟынӡа инаӡоз, «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар згәылаҳәоу 80 еилаҳәара.

Амилициа аусзуҩцәа иара убас амобилтә ҭелқәагьы рымхра мҩаԥыргеит. Аҭелқәа руак аҿы «имаӡоу ашьҭаҵарҭақәа» рҭыԥқәа ркоординақәеи «Борис Березовски» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу ауаҩы иахь ашәҟәеимадареи анын.    

Елена Чернова лмашьына аҩныҵҟа убасҵәҟьа ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьар «метадони» арҩышьыгатә маҭәашьар «Прегабалини».

Елена Чернова иара убас амилициа аусзуҩцәа идлырбеит уаанӡа иҟалҵахьаз «имаӡоу ашьҭаҵарҭақәа» рҭыԥ. Аацы ақыҭан еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы амилициа аусзуҩцәа зыҩныҵҟа 10, 30, 40, уҳәа цыра еиҳа имаҷу аилаҳәарақәа згәылаз аилаҳәара дуқәа  рыԥшааит.

Ас еиԥш иҟоу «еизаку» «атауар» цырак азы иааныркылаз лажәақәа рыла, илоуан  50 нызықь мааҭ. Зынӡа иааизакны иарбоу аҭыԥ агәаҭараан ирыԥшааит зыкапан 325 грамм еиҳаз,  «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар згәылаз 123 еилаҳәара.

Амиран Ҭраԥшь дааныркылеит Гәдоуҭа ақалақь аҿы. Уи имашьына агәаҭараан амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит  «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар згәылоу 5 еилаҳәарак.  Аҭиразы иазырхиаз, аиԥш-зеиԥшу анаркотикатә маҭәашьар згәылаз даҽа еилаҳәарак рыԥшааит Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан Амиран Ҭраԥшь иҭел ианыз афотосахьақәа рыла еилкаахаз акоординатқәа рыла аԥшаарақәа рымҩаԥгараан.  

Елена Черновеи Амиран Ҭраԥшьи ирымхыз анаркотикатә маҭәашьар «метадон» азеиԥш капан 498 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Елена Черновеи Амиран Ҭраԥшьи рганахьала ашьаусеилыргара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусеилыргаратә хәҭа.  


Read 268 times - Ашәахьа, 05 Ажьырныҳәа 2026 19:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.