Аҟәа. Ажьырныҳәамза 5, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ианвартәи ажәылара 33 шықәса ахыҵра инамаданы ажәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит.
«Ажьырныҳәамза 5 — ари фырхаҵаратә рыцхәуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҭоурых аҿы.
Ари амш аҽны, 1993 шықәса рзы ҳаибашьцәа-фырхацәа Аԥсны аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәразы аӡынтәи Гәымсҭа аӡиас хьшәашәа ирны ажәылара мҩаԥыргеит.
Рыцҳарас иҟалаз, аоперациа ахықәкқәа рынагӡара алымшеит. Аха уи даҽазныкгьы иаанарԥшит Аԥсны ауааԥсыра ргәаӷьи ргәымшәареи, ахьыԥшымреи рыԥсадгьыл ахақәиҭтәреи рзы рхы ақәҵара ишазхиоу, аԥхьаҟатәи Аиааира амҩаҿы акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалеит.
Ҳхырхәоит ианартәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара аҿаԥхьа. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара наунагӡа ажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит», – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Бадра Гәынба.