АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:43

Жәлар Реизара-Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы 2026 шықәсазы Аԥсны абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьетқәа шьақәнарӷәӷәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025ш. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент  аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы 2026 шықәсазы Аԥсны абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьетқәа рышьақәырӷәӷәаразы аӡбамҭа аднакылеит.

Абиуџьқтқәа зегь идефицитданыв иҟоуп.

▪Атәанчахәытә фонд абиуџьет ахашәалахәи ахарџьи еизакны — 2 млрд 324 млн 968,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

▪1992-1993шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа абиџьетнҭыҵтәи рфонд абиуџьет ахашәалахәи ахарџьи — 299 млн 231,8,2 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

▪ Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд абиуџьет ахашәалахәи ахарџьи — 277 млн 24,8 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

▪ Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы афонд абиуџьет ахашәалахәи ахарџьи — 450 млн. 300 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 

▪Амҩатә фонд абиуџьет ахашәалахәи ахарџьи — 140 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

▪Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса афонд абиуџьет ахашәалахәи ахарџьи — 113 млн. 595,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

 


Read 25 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.