АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 17:51

Амилициа аусзуҩцәа хәҩык атәылауаа анаркотикатә маҭәашьарқәа рымырхит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ашьаусԥшаара аусбарҭа аусзуҩцәа хәҩык атәылауаа анаркотикатә маҭәашьарқәа рымырхит.

Аҟәа ақалақь аҿы инхо, 1984 шықәса рзы ииз Горзолиа Рамин Зураб-иԥа Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан даанкылан Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа рыла. Горзолиа Рамин хаҭала игәаҭараан  идырбалеит зыкапан дууз, «каннабис» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар.

Аиԥш-зеиԥшу амаҭәашьар изакәанымкәа иаахәаны иҵәахны иман Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәеи еицымҩаԥыргаз аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатә амҩаԥгараан иааныркылаз 1995 шықәса рзы ииз Горзолиа Сузар Валери-иԥа.

Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә усбарҭа Хада аусзуҩцәа дааныркылеит Дранда аҳаблаҿы инхо, 1989 шықәсазы ииз Аршба Руслан Геннади-иԥа. Уи убасҵәҟьа идырбалеит «каннабис» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар.

Аҟәа ақалақь аҿы инхо, 1999 шықәса рзы ииз Џьениа Дмитри Витали-иԥа Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа афонҿыцтәи аҟәша аусзуҩцәа рыла даанкылан. Иаанкылаз хаҭала игәаҭараан ихала ицәыригеит иҵәахны имаз анаркотикатә маҭәашьар «каннабис» згәылаз аилаҳәара.

Цандрыԥшь аҳаблан иаанкылаз Бзыԥҭа аҳаблан инхо,   1995 шықәса рзы ииз Ҳагәышь Асҭамыр Даур-иԥа идырбалеит иагьимырхит «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар.  Иарбоу амаҭәашьар ахаҵа изакәанымкәа иаихәеит анаҩс аҭира хықәкыс имамкәа иҵәахны иман.  

Хәҩык атәылауаа рганахьала ашьаусеилыргарақәа хацыркуп. Аусеилыргара мҩаԥнагоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра атерриториалтә ҟәшеиҵақәа заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭақәа. Аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аамҭахәҭазы игәҩароу ауаа рҭыԥ иалҵны џьара ишымцо, ишахәҭоу ала рхы шымҩаԥыргало азы анапынҵақәа рымхуп.  


Read 46 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.