АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:50

Гәдоуҭа араион аҿы раԥхьатәи аинклиузивтә плиаж ҟалоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аинклиузивтә туризм Ассоциациа анапхгаҩы Руслан Гьергьедаа Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба диԥылеит. Аиԥылара аҿы тема хаданы иҟалеит араион аҿы раԥхьатәи аплиажтә-зҩыдатәратә комплекс аартра. Апроект зылшарақәа ԥку ауаа атуристтә ҭыԥқәа рҟны ршәарҭадареи рырманшәалареи алыршара иазырхоуп.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит араионтә Еизара адепутат, згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рреабилитациа Ацентр «Аицхыраара» анапхгаҩы Адгәыр Аҩӡзбеи  аинвалидра змоу ахәыҷқәа рреабилитациеи рсоциалтә адаптациеи Рцентр «Асаркиал» анапхгаҩы Ирина Розиои.

Иарбоу аиҿкаарақәа апроект анагӡараҿы ихадоу партниорцәаны иҟалоит, уи асоциалтә зкызаара адгылара анаҭалоит.

Араион ахада ари аԥшьгара инагӡаны дшадгыло, апроект ганрацәала ацхыраара шаҭахо азгәеиҭеит.  Валери Аҩӡба иажәақәа рыла, апроект анагӡара асоциалтә ҵакы ду амоуп, аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара, иара убас араион атурисстә потенциал ашьҭыхреи аҭыԥантәи ауааԥсыра рыԥсҭазаара ахаҭабзиара  аиӷьтәреи алнаршоит.

Апроект нагӡахоит Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала.

Уаанӡа аинклиузивтә плиаж аадыртхьан Аҟәа ақалақь аҿы. Апроект «Аԥсшьарҭа маншәала» аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаауп аҭахрақәа зегьы ҳасаб рзуны: апандусқәа, амҩахәасҭа ҷыдақәа, аԥсшьарҭеи ареабилитациеи рҭыԥ азгәаҭаны.

 


Read 58 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.