АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:49

Апрокуратура Хада аҿы изакәанымкәа абџьар аикәыршара азҵаара иалацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 25 рзы апрокурор Хада Адгәыр Агрба ихантәаҩрала атема «2023-2024 шш. изакәанымкәа абџьар аикәыршара аҿагылара иазку акутуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәара» ала ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ркоординациатә еилатәара мҩаԥысит.  

Аилатәара аусура рхы аладырхәит атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа,  апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩ Алиас Ҭраԥшь, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахатәаҩы Оҭар Хьециа,  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алхас Чычба, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа аиҳабы  Лоу Инал-иԥа, Апрокуратура Хада азакәанԥҵара анагӡара Аусбарҭа аиҳабы  Алеқсеи Аҩардан.

Ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит Аԥсны Апрокуратура Хада ахьырхәра ахылаԥшра азы Аусбарҭа аиҳабы Алеқсеи Аҩардани Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа аиҳабы Лоу Инал-иԥеи.

Аилатәара аҿы иалацәажәеит атәылауаҩратә абџьар аахәара, аныҟәгара, ашьҭаҵара азы алицензиақәа рыҭара иадҳәаланы ицәырҵуа ауадаҩрақәеи азҵаарақәеи.

Апрокурор Хада изакәанымкәа абџьар аикәыршара аҿагылара азинхьчаратә усбарҭақәа ацәгьоурақәа рыԥхьырҟәҟәаара иазырхоу русура аҿы иҷыдоу аҭыԥ аанакылоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Апрокуратура Хада иадгылоит Апарламент аҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылаз «Абџьар аикәыршара аганахьала Ареспублика Аԥсны азиншәҟәы аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагаларазы» азакәан апроект.

Аилатәара аихшьаалақәа рыла, уи алахәылацәа анапхгарабжьаратәи аусеицура аҩаӡара ашьҭыхреи ацәгьоурақәа раарԥшреи раартреи иазку аусура аеффективра ашьҭыхреи иазырхоу аӡбамҭақәа жәпакы рыдыркылеит.

Иара убас, изакәанымкәа абџьар аикәыршара аҿагылара, амцабџьари аџьаԥҳани абџьар хьшәашәеи изакәанымкәа ишьҭаҵаны измоу, иныҟәызго, иара убас автотранпорт аҿы ииазго ахаҿқәа раарԥшра иазку аусмҩаԥгатәқәа рыцҵаразы адҵақәа ҟаҵан.   

Еиқәыршәоуп ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа Ркоординациатә еилатәара Ақәҵара апроект. Уаҟа иарбоуп абџьар аикәыршара, атәылауаҩратә бџьар аахәаразы алицензиақәа рыҭара, абџьар аныҟәгара ақәиҭтәра, уҳәа  аганахьала азакәанԥҵара арӷәӷәара азы адҵақәа. Агәабзиарахьчара Аминистрра иадҵоуп аҳәынҭқарратә амедицинатә усбарҭала абџьар аныҟәгара азы азин аҭара ҳәаақәызҵо  анора-зинтә шәҟәынҵа аиқәыршәара. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.


Read 62 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.