АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынҷкәын.2025

Анашанара азы аҟазара аклассқәа: Анна Гончарова аҟәантәи аԥхьаҩ Қәыԥшцәа лырҿиара амаӡақәа рзеилҭалҳәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алитератор Анна Гончаровеи аҟәатәи ашколқәа  8–9 - тәи аклассқәа рҿы итәоу аҵаҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза  8–9 рзы, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аҟәа иҟоу Москва Аҩны ателегарам – канал аҿы.

Анна Гончарова – ахәыҷтәы шәҟцәәәыҩҩы, афилолог, апсихолог, урыстәылазегьтәиа апремиақәа рлауреат –ллакқәа ршанареи лырҿиара амаӡақеи ртәы ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит. Алакәеиҭаҳәаҩ ахәыҷқәа идлырбеит аидеиақәа шыҟало, зыԥсы ҭоу афырхацәа шаԥҵахо, асиужет шеиқәыршахә атәы.

Анна Гончарова Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аԥсуа Ашьхарыуаа школ №10,   А.П. Чехов ихьӡ зху ақалақьтә аурыс школ, абжьаратәи ашкол №12 ааҵаҩцәа рҿаԥхьа дықәгылеит.

Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу  «Москва Аҩны». Убри аан адгылара ҟанаҵеит Москва Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартаменти.


Read 167 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.