АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынҷкәын.2025

Аӡхәыҵалацәа Аҟәа амшын иагаз ахаҵа иԥсыбаҩ аԥшаара иаҿуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа Аҟәа аӡымҽхак иахьаҵанакуа хабарда ибжьаӡыз ахаҵа иԥшаара иаҿуп.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аӡхәыҵалацәа зыԥшаара иаҿу ахаҵа Важьа Зарандиа иоуп, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.

«Избаз ишырҳәаз ала, мышкы аԥхьа ахаҵа амшын дҭан, аха иара нас аҩныҟа дыхнымҳәит. Имаҭәақәа амшын аҟәараҿы иаанхеит. Аԥшаарақәа аӡхәыҵалацәеи аӡсаратә хархәагақәеи алархәуп», — ҳәа «Аԥсныпресс» иазеиҭеиҳәеит иара

Лаҵарамза 5, 1992 шықәса рзы  Важьа Зарандиа Аԥсны Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩыс дҟаҵан. Ари амаҵураҭыԥ аҿы иара аус иуан 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы. Анаҩс, ԥхынҷкәынмза 1993 шықәса инаркны мшаԥымза 1994 шықәсанӡа, Гал араион ахадас дыҟан.  

 


Read 145 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.