Аоперативтә усзуҩцәа ишеилыркааз ала, 31-шықәса зхыҵуа Махачкала инхо ахаҵа аҳазалхратә усбарҭақәа рахь иԥаршеиз аусшәҟәқәа рыдигалеит. Уи ишазгәеиҭаз ала, аԥснытәи аилазаара амашьынарныҟәцаҩыс дыҟоуп, жәларбжьаратәи аиагарақәа ирызку зыхә дуу автомашьына Lexus GX 470Он Урыстәылаҟа иалеигалеит, убри инамаданы иара аҳазахратә еизгақәа ршәара аҟынтәи ахақәиҭтәразы азин имоуп.
Ишьақәыргылан, автомашьына ианаамҭаз Урыстәылантәи ишалгамыз. Жәларбжьаратәи аиагарақәа рмыцхәрас амашьынарныҟәцаҩ амашьына ихатә ҭаххрақәа рзы ихы иаирхәан. Уи ас еиԥш ихымҩаԥгашьа иахҟьаны Урыстәылатәи Афедерациа абиуџьет 2,3 млн. мааҭ рҟынӡа аҳазалхратә шәатәқәа амоуӡеит.
Ахаҵа иганахьала Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 194, ахәҭа 1 инақәыршәаны зеицҵалыҵ дуу аҳазалхратә шәатәқәа рымшәара азы ашьаусеилыргара хацыркуп. Ахаҵа автомашьына имырхит.






