АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынҷкәын.2025

Апремиа «Аԥыза қәыԥш» анашьара ацеремониа ԥхынҷкәынмза 27 рзы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ԥхынҷкәынмза  27 рзы имҩаԥысраны иҟоу апремиа «Аԥыза қәыԥш» анашьара иазку аныҳәатә церемониа аҽазыҟаҵара иаҿуп, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзара.

Апремиа Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи русзуҩ ҿарацәа ралкаара хықәкыс иамоуп. Сынтәа уи раԥхьаӡа акәны атәыла ақалақьқәеи араионқәеи амҽханакуеит. 

Уажәы ахыркәшарахь инеиуеит аконкурс актәи, арзаҳалтә етап. Ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәа, Аҳәынҭеилакы аҳәарала доусы русбарҭақәа рҟынтәи иреиӷьу аусзуҩ ҳәа 35 шықәса иреиҳам х-ҩык акандидатцәа ықәдыргылеит.

Ахәшьаратә етап алахәхара азы апремиа алауреатцәа аӡбаратә еилазаара ирыдыргалароуп  доусы рнысымҩа, рвидеохырдырга, иара убас ирыдгалоу атемақәа руак ала аессе. Аҳәынҭеилаки ауаажәларра реилазаара ахаҭарнакцәеи рыла ишьақәгылоу акомиссиа ахылаԥшырҭақәа зегьы рҟынтә аӡәаӡәа аиааира згаз алыркаауеит. Аҳәынҭқарратә маҵурауаа ҿарацәа рнаҩс аҳамҭақәа ранашьахоит иара убас ашықәс аҩныҵҟа аспортхкқәа рыла иналукааша аихьӡарақәа аазырԥшыз иреиӷьу аспортсменцәагьы.

Апремиа аҽазыҟаҵара далацәажәо, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти рзы Аҳәыҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Аԥыза қәыԥш» – ҳреспублика аизҳазыӷьаразы аус зуа аспециалист ҿарацәа адгылара рыҭареи рмотивациеи иазырхоу акыр зҵазкуа аинструмент ауп. Ҳара иаабоит шаҟа аҟыбаҩи аперспективеи злоу аспециалист ҿарацәа еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аус руа, иаҳуалны иҳаԥхьаӡоит Аԥсны аҿиараҿы урҭ рлашала азгәаҭара. Сынтәа ҳара апремиа агеографиа ҳарҭбаауеит, уи алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟалоит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхаҭарнакцәагьы. Уи гәахәара дууп ҳара ҳзы. Агәра ганы сыҟоуп, апремиа анаҩстәи азанааҭтә еизҳаразы, иҿыцу аихьӡарақәа раиуразы хра злоу стимулны ишыҟало».

Апремиа «Аԥыза қәыԥш» дасимволны дҟалоит Нарҭ Сасрыҟәа – нарҭаа ирызку аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рфырхаҵа хада.

Асимвол автор  –  асахьаҭыхыҩ Мадина Бигәааԥҳа. 


Read 42 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.