АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 6:39

Иԥсҭазаара далҵит асовет шьапылампыл алегенда Никита Симониан.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амҽыша, абҵарамза 23 рзы иԥсҭазаара далҵит Никита Симониан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи ашьапылампылтә Еидгыла аофициалтә саит.

Асовет шьапылампыл алегенда 99-шықәса ихыҵуан.

Никита Павел-иԥа – 1956 шықәсазы Мельбурн имҩаԥысуаз Аолимпиада аҿы Асовет Еидгыла  еизгоу акоманда аилазаараҿы Аолимпиатә чемпион, Асовет Еидгыла ԥшьынтә ачемпион, ҩынтә Асовет Еидгыла Ахраҿа згахьаз, москаватәи «Спартак» аҭоурых аҿы иреиӷьу абомбардир ҳәа иалкааз (160 мпыл амҩа иҭаиршәит) иналукааша спортсменын. Азыҟаҵаҩ иаҳасабала хынтә Асовет Еидгыла ачемпионс дҟалахьан, ԥшьынтә атәыла Ахраҿа аҿы аиааира игахьан, Асовет Еидгыла еизгоу акоманда ахадараҿы дыҟан. 1992 шықәса инаркны Урыстәылатәи Ашьапылампылтә Еидгыла апрезидент ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.  

Ашьапылампыл аҿы иналукааша еихьӡарақәа рзы МОК, ФИФА аорденқәа ианашьан, «Аԥсадгьыл аҿаԥхьа иааԥсаразы» III, IV аҩаӡара аорденқәа, «Урыстәылатәи Афедерациа Зҽаԥсазтәыз абаҩарҵәыра аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан.

Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса рзы Никита Павел-иԥа «Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа ҷыдала иааԥсарақәа рзы, аџьынџьтәылатәи ашьапылампыл аҿиареи апопулиаризациеи рзы илагала ду азы» ианашьахеит Урыстәыла Аџьа Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Урыстәылатәи ашьапылампылтә Еидгылара Никита Симониан иҭаацәа, иара убас ашьапылампылтә еилазаара ду зегьы гәалсра дула ирыдышшылоит.

«Никита Павел-иԥа абҵарамза 20 рзы игәы рахәымкәа ихы ибо далагеит, уи ахәыштәырҭахь днаргеит.  Иахьа иара иԥсҭазаара далҵит», - ҳәа «Матч ТВ» ахь адырра ҟаиҵеит Урыстәыла ашьапылампыл аветеранцәа Реидгыла апрезидент Алеқсандр Мирзоиан.

«Сара иахьа исоуит даараӡа сгәы сзырхьыз ажәабжь, сара дсыԥхеит сҩыза», — ҳәа «Чемпионат» даҿцәажәо алахьеиқәҵаратә жәабжь иақәҿиҭит Фабио Капелло.

Никита Симониан диит жьҭаарамза 12, 1926 шықәса рзы урыстәылатәи ақалақь Армавир аҿы. Иара ишьапылампылтә кариера далагеит Аҟәа ақалақь аҿы, уахь иара иҭаацәа нхара ҳәа ииасит иара ԥшьы-шықәса анихыҵуаз. Асовет Еидгыла еизгоу акоманда аилазаараҿы иара 1956 шықәсазы Мельбурн имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ахьтәы медалқәа игеит.  

Никита Симониан иоуп раԥхьаӡа аҭоурых аҿы адунеи ачемпионат аҿы Асовет Еидгыла еизгоу акоманда агол авторс иҟалаз. Иара 1958 шықәсазы Адунеи ачемпионат аҿы англиаа рымба ампыл ҭаиршәит, иара убри ала наунагӡа ашьапылампыл аҭоурых аҿы ишьҭа аанижьит.   

Азыҟаҵаҩыс даныҟала ашьҭахь, Никита Симониан еревантәи «Арарат» 1973 шықәсазы илегендартәу ачемпионрахь инеигеит.    

«Сара ԥшьы-шықәса ракәын исхыҵуаз сҭаацәа Аԥсныҟа нхара ҳәа ианыиас, араҟа ииасит схәыҷра, сқәыԥшра ашықәсқәа, араҟоуп сеихьӡарақәа зегьы ршьапы ахьыркыз. Араҟоуп сара сыԥсадгьыл», - ҳәа иҳәон Никита Симониан.

Аҵыхәтәан Никита Симониан Аԥсны даҭааит мшаԥымза, 2022 шықәса рзы.

Никита Симониан ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара.  

 

 

 

 

 

 


Read 85 times - Ашәахьа, 24 Абҵара 2025 17:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.