АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 6:39

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Иауз Аҭрышба Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахадас иҟалара идиныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Иауз Аҭрышба Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахадас иҟалара идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҿы иануп:

«Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахадас шәалхра инамаданы гәыкала иҟасҵо адныҳәалара шәыдышәкыл.

Ишәзыҟаҵоу агәрагара ҳарак ҳкультуреи, ҳбызшәеи, ҳҵасқәеи атәымтәылаҿы рыхьчаразы ишәымоу ахьӡ-аԥшеи, иаашәырԥшуа амчреи шаҳаҭра рзыруеит. Шәара еснагь шәыԥсадгьыл агәеисра шәалахәын, Аԥсны аԥа иаша иаҳасаб ала 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан уи ахьчара шәгылеит.

Агәра ганы сыҟоуп, шәнапхгаратә баҩхатәреи, аҳәынҭқарратә маҵзураҿы ишәымоу аԥышәеи, шәеиҿкааратә ҟазареи ас еиԥш аҭакԥхықәра ду зцу аҭыԥ аҿы алҵшәа бзиақәа раарԥшра ишацхраауа.

Ҳдиаспора аҩныҵҟа акзаара, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа ринтересқәа рыхьчара ирзынархоу аԥшьгарақәа рырҭбаара, гәыкалатәи аиҿцәажәара ҳџьынџьуаа рԥеиԥш бзиаз акыр зҵазкуа ракәны иҟоуп», -ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.

Аминистр Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы даара ахә ҳаракны иршьоит Аԥснытәи акультуратә центрқәа Рфедерациеи аусбарҭеи ирыбжьоу аинырра ҳәа иазгәеиҭеит.

Олег Барцыц Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу Ахаҭарнакреи Иауз Аҭрышбеи ҳаԥхьаҟа Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рзы аԥеиԥш бзиа змоу аусқәа шынарыгӡо азы агәрагара ааирԥшит.

Аԥсны адәныҟаполитикатә хылаԥҳырҭа ахада Иауз Аҭрышба изеиӷьаишьеит ԥхьаҟатәи иусураҿы ақәҿиарақәа, аманшәалареи аизьӡара ҿыцқәеи.

«Ишәзеиӷьасшьоит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратәи ауаажәларратәи центрқәа рыцхыраара иазынархоу аусдҵақәа рынагӡараҿ ақәҿиарақәа. Шәмаҵураҭыԥ ҿыц аҿы аманшәалареи аихьӡара ҿыцқәеи шәзыԥшызааит», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

 


Read 130 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.