Ашәыр аус адулара иазку апроектқәа – зфинанстәра аицҵалыҵ 23 млн. 547нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо 17 проект.
Имаҷу амеханизациа – зфинанстәра аицҵалыҵ 8 млн. 871 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо 35 проект.
Аԥсыӡкра – зфинанстәра аицҵалыҵ 2,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо 3 проект.
Беслан Џьопуа апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Кәтол ақыҭан зхатәы инициативала 10 га инарзынаԥшуа амыӷ зхиааны иҟаз ачаитә плантациақәа ррыцқьара мҩаԥызгаз аҿар ацхыраара рыҭахеит ҳәа еиҭеиҳәеит.
«Аха урҭ ачаи аус адуларазы иахәҭоу амаругақәеи аиқәыршәагақәеи раахәаразы аԥара рымаӡамызт. Ҳара урҭ ацхыраара аҳасабала 2 млн. 200 нызықь мааҭи раҳҭеит. Иахьазы, иҳамоу адыррақәа рыла, аиқәыршәагақәа шьақәыргылоуп. Мышқәак рышьҭахь агәаҭаразы урҭ ҳарҭаараны ҳаҟоуп. Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит Аԥсны ачаи аарыхра аусхкы аҟазаареи хра злоу аҿиареи, уи аалыҵ аҭыԥантәи аџьармыкьа аҿы ацәыргареи алыршара», - ҳәа иҳәеит атәыла ақыҭанхамҩа аминистр.
Убри аан, Беслан Џьопуа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа апроектқәа рынагӡара азы ихымԥадатәиу зегьы шаахәахо азы адырра ҟаиҵеит. «Аҳәынҭқарратә ҿаҵақәеи аҳәынҭқарратә аахәареи рзы азакәан инақәыршәаны атендер алаҳәара хымԥадатәиуп, аха ари зеицҵалыҵ акыр идуум аԥаратә хархәагақәаны иахьыҟоу инамаданы, ажәалагалақәа митәык ирацәам. Атендер азы изныкымкәа-иҩынтәымкәа алаҳәарақәа ҟаҳҵар акәхоит, уи ,жәаҳәарада, аамҭа агоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Ақыҭанхамҩа Аминистрра мышқәак раԥхьа апроектқәа рынагӡаразы иаахәаз аиқәыршәагақәа реихшара мҩаԥнагеит. Аминистрра ала шықәсык иалагӡаны етап-етапла иаахәахоит, анаҩс афермерцәа ирызшахоит амаҭәахәқәа, аиқәыршәагақәа, аинвентар.
Аминистр иажәақәа рыла, апроектқәа рзы аиҭаҳатәқәа раагара ауадаҩрақәа рыцуп.
«Урыстәыла ақыҭанхамҩа Аминистрра аҟынтәи ҳколлегацәа Аԥсны ақыҭанхамҩа Анаука-Ҭҵааратә Институт аҟны иҟоу ааӡарҭа (апитомник) аиҭаҳатәқәа рааӡара алзыршо атехника ала еиқәыдыршәеит. Аха аиҭаҳатәқәа хы-шықәса еиҵамкәа ирхыҵуазароуп, убри аҟнытәи сынтәа ҳара урҭ аиҭаҳагатә материал аҳасабала ҳхы иаҳзархәаӡом, иааиуа ашықәса азы ауп уи анзалыршахо», - ҳәа иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр.
Сынтәа арахәааӡара иазку апроектқәа рзы арахә арахәааӡаҩы Виктор Тәанба иҿы иаахәахоит.
Беслан Џьопуа иҳаҩсыз ашықәс азы ақыҭанхамҩа Аминистрра Ҭаҭарсҭан арахә аахәара инамаданы аусураҿы ицәырҵыз ауадаҩрақәагьы дырзааҭгылеит.
«Ҳара ҵыԥх ҳапроектқәа рзы иааҳхәараны ҳаҟан 108 хы арахә. Ҳара аҭыԥантәи арахәааӡаҩцәа ҳаҽрымаҳдон, аха урҭ ус еиԥш арахә рхыԥхьаӡара рымамызт. Ҳаиқәыршәаҩцәа Ҭаҭарсҭан, Набережные Челны аҿы иҟоу аиқәыршәаҩцәа рыҽрымардеит, аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, арахә иахәҭоу рхыԥхьаӡара аагаразы аҿаҵа ҟаҵан. Азԥхьахшәаареи аҿаҵеи аныҟаҳҵа ашьҭахь урҭ арахә акарантин иқәдыртәеит. Мызкы ашьҭахь ҳара урҭ ҳаур акәын, аха Краснодартәи атәылаҿацәа аҿы акарантин рыларҳәеит, убри инамаданы даҽа ҩымз урҭ шьҭа рхатә харџь ала арахә ныҟәыргон. Убас иҟалеит аҵыхәтәан ҳара иҳауит 98 хы. Арахә хәымш амҩа иқәын, атранспорт акәзар зынӡакгьы уи аҩыза аус иақәнаго иҟамызм. Араҟа ианааи иԥсит 15 хы ажәқәа. Ҳара иҳаураны иҟаз ахыԥхьаӡара аҵкьыс еиҵаны арахә ҳауит. Убри аҟнытәи Ҭаҭарсҭантәи аиқәыршәаҩцәа ҳаҽрымаҳдеит, анаҩс Ҭаҭарсҭан Абжьаҟазаратә Ӡбарҭа ахь арзаҳал дәықәаҳҵеит. Ҳара ҳинтересқәа уаҟа адгалара мҩаԥнагоит Ҭаҭарсҭан ақыҭанхамҩа Аминистрра. Уажәазы аӡбарҭа азыӡбара ҳазыԥшуп», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.
Иара убас, ақыҭанхамҩа аминистр иажәақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Калмыкиа Ахада Бату Хасиков иҟынтәи аусеицуразы ажәалагала зну ашәҟәы иоуит.
Апунктқәа руак ақыҭанхамҩа иадҳәалоуп. Урҭ дара рҿы арахә ааҳхәаларц алагала ҟарҵоит.
«Иҟалап иааиуа ашықәс азы Аԥсны ари аҭагылазаашьа рхы иадырхәар», - ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.
Аминистр гәахәарыла иазгәеиҭеит сынтәа зфинанстәра мҩаԥгаз проектқәак қәҿиарала аус шыруа. Ҿырԥштәы ҳасабала уи иааигеит Ҭҟәарчал араион аҿы араса аус адулара иазку ацех, Гәылрыԥшь араион аҿы аус зуа ааԥсаатәфабрика, Гагра ақалақь аҿы аус зуа ашәырҩақәа рҭыжьра иазку ацех. Аргәыӡ –аҵыҵындра, аголубика аарыхра қәҿиарала зынагӡара мҩаԥысуа апроектқәагьы ыҟоуп.
Аиҿцәажәара ахыркәшамҭаз, Беслан Џьопуа иахьазы иааиуа 2023 - тәи ашықәс апроектқәа рыла азыҳәамҭақәа рыдкылара ишалагахьоу азы адырра ҟаиҵеит.
«Ҳара 2023 шықәсазы ари апрограмма иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ иақәшәо имаҷымкәа азыҳәамҭақәа ҳадаҳкылахьеит», - ҳәа иҳәеит атәыла ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.