АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жьҭаара.2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИАЗГӘАРҬЕИТ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҚЫҬАҲӘСА РЫМШ.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтә еиҿкаареи «Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса» ҳәа хыс измоу аиҿкаареи еицынарыгӡо апроект "Аҳәса аҩнытә ахшхарҵәы аалыҵ аҭыжьраҿы ацхыраара рыҭара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Жәларбжьаратәи ақыҭаҳәсақәа Рымш инамаданы аусмҩаԥгатә мҩаԥыргеит. Уи мҩаԥысит жьҭаарамза 15 рзы, Аҟәа ақалақь, абизнес-центр «Эверест - 2000» аҿы. Иара Аԥсны еиуеиԥшым  араионқәа рҟынтәи ҩынҩажәа - ҩык инарзынаԥшуа иарбоу апроект аҳәса-алахәылацәа рхы аладырхәит.

Жәларбжьаратәи ақыҭаҳәсақәа рымш есышықәа, жьҭаарамза 15 рзы иазгәарҭоит. Жәларбжьаратәи ақыҭаҳәсақәа рымш азгәаҭара аидеиа раԥхьаӡа абжьгара мҩаԥган 1995 шықәсазы Пекин ақалақь имҩаԥысыз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара 4-тәи Аҳәса Рконференциа аҿы. 2007 шықәсазы ари аныҳәа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада аҿы официалла иақәшаҳаҭхеит. 

Аусмҩаԥгатә амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтә еиҿкаареи «Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса» ҳәа хыс измоу аиҿкаареи рофисқәа рхаҭарнакцәа, иара убас  Хьацҳа, Мархьаул, Папынырхәа ҳәа иҟоу ақыҭақәа рҟынтәи ааԥхьара зауз асасцәеи ашколнӡатәи ахәыҷтәы усбарҭақәа ақыҭақәа рҿы, ақыҭа аҿы аҵарадырра иацу апроблемақәа, ақыҭақәа рҿы аӡыла аиқәаршәареи фымцалашара аиқәаршәареи азҵаара аӡбара амҩаԥысшьа, ақыҭараҿы инхо, зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа ацхыраара рыҭара, уҳәа атемақәа рыла апрезентациақәа мҩаԥыргеит.

Апрезентациақәа аблокцыԥхьаӡа рхыркәшара ашьҭахь алахәылацәа алшара рыман иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәара, аспикерцәа азҵаарақәа рыҭара, рхатәы гәаанагара аҳәара, излацәажәо апроблемақәа рыӡбаразы иҟаҵатәу азы рхатәы хшыҩзышьҭрақәа раарԥшра, уҳәа. «Аҳәса ақыҭанхамҩа аҿы ихадоу ароль нарыгӡоит, избан акәзар урҭ адунеи зегьы аҿы 60 до 80% аҟынӡа аарыхра азы аҭакԥхықәра рхахьы иргоит.  Шәааи ари амш ҳхы иархәаны аҳәса ақыҭанхамҩаҿы ирбо аџьабаа дууи фатәи –жәтәи рыла аиқәыршәара аганахьала ашәарҭадара аҿы рлагала дууи  ахәшьара аҳҭап», – ҳәа иазгәеиҭеит ақыҭанхамҩа азы аспециалист Омар Дахдули.

«Ари амш ахықәкы хаданы иҟоуп – аԥҳәыс ақыҭанхамҩа аҿы иналыгӡо ароли ллагалеи разгәаҭара, ақыҭақәа рҿы иҟоу апроблемақәеи урҭ рнырреи рылацәажәара», - ҳәа илҳәеит «Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса» апроекттә офис ахада   Амина Ҳагба.

Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз алахәылацәа зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа рзыршеит.

«Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса» аструктуреи аҿиареи аусеицуреи рзы Швеицариатәи агаентреи (SDC), Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәии ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара ақыҭаҳәсақәа-афермерцәа аҩнытә ахшхарҵәы аалыҵ аҭыжьреи урҭ рекономикатә лшарақәа рырҭбаареи рганахьала адгылара рыҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рцикл  иацнаҵоит.


Read 455 times - Амҽыша, 16 Жьҭаара 2022 12:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.