АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:49

Еиҭашьақәыргылаз аспорттә зал аатит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 аҿы.

Аҟәа.  Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. А.П. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 аҿы еиҭашьақәыргылаз аспорттә зал ҿыц аартра иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.

Ашкол адиректор Рита Бениа еизаз ари агәырӷьаратә хҭыс  – 30 шықәса иреиҳаны иззыԥшыз аспортә зал ҿыц аартра рыдылныҳәалеит. Иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рҿы абаҩарҵәыра аурокқәа рымҩаԥгара азы алшара рамамкәа ашколтә дәы аҿы рҽазыҟарҵон, аха уеизгьы аҵаҩцәа ақалақьтә еицлабрақәа рхы аладырхәуан, аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылон, амедалқәеи ахраҿақәеи ргон, ҳәа илҳәеит Рита Бениа. Арҭ ахраҿақәа ацеремониа ахьымҩаԥысуаз азал ахь инаргеит.

Азал аиҭашьақәыргылара Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҟаиҵаз аиҿкааратә цхыраарала имҩаԥган.

«Ҳара ҳашкол аушьҭымҭа Лаша Ашәба ацхырааразы ҳидҵаалеит. Аҳҭнықалақь Ахадарагьы иара убас аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟанаҵеит. Аспортзал даара игәыгәҭажьны иҟан. Ӷәӷәала ақәа анауаза амшқәа рзы ауада аӡы ҩналон. Адашьма баахьан, аҭыӡқәа аԥаҟәа иаганы иҟан», – ҳәа илҳәеит Рита Бениа.

Лаша Ашәба ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аспорттә зал ҿыц аартра рыдиныҳәалеит. Ашкол сынтәа Ашкол 65-шықәса ахыҵра азгәарҭараны иҟоуп. Апарламент Аиҳабы аибашьра ашьҭахь  ари ашкол далгеит.

Апарламент Аиҳабы Аԥсны анапхгареи Аҟәа ақалақь ахадеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз ацхыраара азы.

«Ҳара ацхыраара ду ҳарҭеит, ахыб аԥсахраҿы иҳацхрааит,  иҳаҩсыз ашықәс азы аклассқәак реиҭашьақәыргылара алыршахеит», - ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.

Уи иара убас Краснодартәи атәылаҿацә ашкол аҳамҭа ду шанаҭаз, уи азааигәара ҳаамҭа иақәшәо аспорттә дәы шаргылаз иҳәеит.

Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аспорттә зал ҿыц аартра рыдиныҳәалеит, уи шьҭарнахыс иҿыцу аспорттә еихьӡарақәа рыҟалара ишацхраауа азы агәрагара ааирԥшит.  

«Ҳара аринахысгьы ашкол адгылара аҭаразы иааиуа 2026 шықәсазы ақалақьтә биуџьет аҿы аусмҩаԥгатәқәак азԥхьагәаҳҭахьеит», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа аспорттә зал аиҭашьақәыргылара ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчара хықәкыс иҟаҵаны имҩаԥган ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

Аусмҩаԥгатә аофициалтә хәҭа ашьҭахь ашколхәыҷқәа ықәгылеит. Урҭ аспорт иазку ажәеинраалақәа ирыԥхьеит ашәақәа рҳәеит. Аномер шьахә еизаз иддырбеит агимнастка ҿарацәа.


Read 101 times - Аҩаша, 18 Абҵара 2025 19:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.