«Актәи амодуль аекологиатә ҟазшьа амазҭгьы, анаҩс ҳара Аԥсны иахьаҵанакуа аԥхынтәи ашколтә лагерь аусура аҳәаақәа ирҭагӡаы аҭоурыхтә модель алагалара ҳалшоит. Ҳара иҳамоуп ишәызнаҳгаша, ҳара иаҳзеиԥшу аҭоурых ду ҳамоуп: 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҭоурых, 1992–1993 шш. аԥсуа-қырҭуатә еибашьраан хатәгәаԥхарала ацхыраара аҭоурых, Иҷыдоу арратә операциа аҳәаақәа ирҭагӡоу ҳаамҭазтәи аҭоурых, уҳәа. Ҳара ҳҿар ирзеиҭаҳҳәаша рацәаны иҳамоуп», – ҳәа иазгәалҭеит Хана Гәынба.
Уи лажәақәа рыла, аԥснытәи ашколхәыҷқәа ажьырныҳәамзазы ашықәсҿыцтәи аԥсшьарамшқәа рзы Псков ацаразы уажәанатә «амаҭәа ԥхақәа» реиқәыршәара иалагахьеит.
«Аԥхынра акәзар, аҭоурыхтә лагерь аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара псковаа ҳарзыԥшуп Аԥсны», - ҳәа ааԥхьара рылҭеит аминистр.






