АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Абҵара.2025

Бадра Гәынба: Ари амш Урыстәыла аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Уи символра азнауеит аидгылара, атәылауаҩратә ҭакԥхықәра, ажәлар рымч.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Жәлар ракзаара амш инамаданы Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥысыз аныҳәатә дкылара далахәын.

Аусмҩаԥгатә иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Апарламент Ахантәаҩы Лаша Ашәба, Аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, амассатә информациа ахархәагаҩцәа рхаҭарнакцәа уҳәа убас егьырҭгьы.

Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла Анапхгареи милаҭрацәала ишьақәгылоу ажәлари  Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит.

«Ари амш Урыстәыла аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Уи символра азнауеит аидгылара, атәылауаҩратә ҭакԥхықәра, ажәлар рымч.

Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа милаҭрацәала иеилоу урыстәылатәи ауаажәларра ракзаароуп атәыла аҿиареи, адуреи, аиааирақәеи уасхырс ирзышьҭаз. Ари акзаара иабзоураны  Урыстәыла иалшеит аԥышәара дуқәа риааира, ахьыԥшымра ахьчара, ибеиоу акультуратә, адоуҳатә ҭынха аиқәырхара», — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит ари арыцхә аҭоурых ҳаҭырла агәаларшәара адагьы, аҭынчреи, аизҳазыӷьареи, аԥеиԥш бзиеи рыхьӡала аидгылара, ажәларқәа рыбжьара аҳаҭыреиқәҵара ҵакыс ишамоу. 

Бадра Гәынба иҭабуп ахиҳәааит Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәеи Аԥсны аганахьала иҟанаҵо ацхыраареи рзы. 

«Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Урыстәыла ԥсахрада Аԥсны аҿиаразы иҟанаҵо ацхыраара. Ари аиҩызара аҭоурыхтә ԥашәқәа ҵаулоуп, аусеицура иашазы ҿырԥшыга бзиоуп», — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа иазеиӷьеишьеит аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара. 

 


Read 48 times - Аԥшьаша, 06 Абҵара 2025 09:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.