АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:36

Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Қьышьмариаԥҳа Москва имҩаԥысуа IX аконференциа «Ауаҩы изинқәа рыхьчара апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәа реимдара» лхы алалырхәуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы  Азинмчы змоу Анас Қьышьмариаԥҳа Москва имҩаԥысуа, ауаажәларра рцифровизациа аҭагылазаашьақәа рҿы ауаҩы изинқәа рыхьчара иазку Жәларбжьаратәи аконференциа «Ауаҩы изинқәа рыхьчара апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәа реимдара» лхы алалырхәуеит. Аконференциа аатит жьҭаарамза  23 рзы, Москва ақалақь аҿы.

 Аконференциа алахәылацәа рахь аофициалла адныҳәаларатә цҳамҭақәа дәықәырҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин, Афедерациа хеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко, Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭыԥуаҩ Ильхом Нематов, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет апрезидент Мириана Сполиарич.

Аконференциа иалаху ацифровизациа иҿыцу алшаарақәа шаанартуа, аха убри аан ашәарҭарақәакгьы шацу, убри инамаданы хаҭалатәи адыррақәа рыхьчареи ауаҩы изинқәа аонлаин ҵакыраҿы рыхьчареи ихадоу зҵаарақәаны иҟалароуп ҳәа иазгәарҭоит.

Аԥсны аомбудсмен Анас Кьышьмариа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ауаҩы изинқәа рыхьчаҩцәа дырԥылеит. Лара иазгәалҭеит азинхьчаратә усхк аҿы жәларбжьаратәи аимадарақәа атәылауаа рзинқәа аҳәаанырцә рыхьчаразы аҳәынҭқарратә политика ахәҭак ахьаку адагьы, уи аԥышәа аимдаразы ихәарҭоу хырхарҭаны ишыҟоу.

Анас Кьышьмариа  60 тәыла рҟынтәи ахаҭарнакцәа злахәыз ари аконференциа аҿы дықәгыло иазгәалҭеит:

«Алахәылацәа реиҳараҩык иазгәарҭеит ацифраркра аамҭазы ауаҩы хаҭалатәи идыррақәа рыхьчара азҵаара ҵарны ишықәгылоу, лассы-лассы ицәырҵуа акибершәарҭарақәа, аҩнуҵҟатәи агхақәеи афишинги рымшала аинформациа ацәцара ахьыҟало иахҟьаны. Иԥсабаратәым аинтелекти ацифратә технологиақәеи рыҿиара ҳанашьҭало иаҳхамышҭуазароуп  зегьы ирыцку – ауаҩы ауаҩы диҭахуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Анас Қьышьмариаԥҳа.

Афорум алахәылацәа апрактикатә ԥышәа еимырдеит, азакәанԥҵаратә усура иалацәажәеит.

 


Read 40 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.