АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 19:27

Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәиим аилатәара мҩаԥигеит. АраҟаАҳәынҭқарра Ахадеи  алахәылацәеи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалацәажәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилатәара аартуа, Аԥсны Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҳәеит:                           

 «Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Иҟасҵаз адҵала Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рырхәҭақәа злахәыз аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа ирылагахьеит. Урҭ хацыркын аибашьразы ашәарҭадырга ала иаалырҟьаны агыларала. Ар арҵара-еибашьратә уснагӡатәқәа рынагӡара нап адыркит ашәарҭардыргеи аибашьратә напхгаразы адҵеи анроу инаркны.  

Ас еиԥш иҟоу азыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аҵак ҷыда рымоуп. Урҭ ҳархәҭақәа аибашьра иахьынӡазырхиоу агәаҭара адагьы, аҳәынҭқарра ахьчареи ашәарҭадареи рзы аҭакԥхықәра зду ҩ-еилазаарак русеицура аиҿкаареи рзы алшара ҳнаҭоит.

Аррамаҵзурауаа русеицура, роперативтәра, рлеишәа зеиԥшроу еиԥш амилаҭтә шәарҭадара асистема зегьы алҵшәа аманы иҟалоит.

Иахьа Ашәарҭадара ахеилак изаамҭанытәим аилатәараҟны ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны иҟоу арра-политикатәи, астратегиатәи ҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳахәаԥшуеит, иара убас атәыла ахьчаралшара арӷәӷәаразы раԥхьа иргыланы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа азгәаҳҭоит. 

Ҳара шьаҿа-шьаҿала аҭынчра, аҭышәынтәалара, Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара алзыршо Арбџьар мчқәа ҳарӷәӷәалароуп.

Иӷәӷәоу ар, зыквалификациа ҳараку акадрқәа, ҳәоуеиқәшәарала аусеицура — ҳажәлар уаҵәтәи амш агәрагара рызҭо, аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа рыхьчара ҵаҵӷәыс ирымоу ауп».

Арбџьар мчқәа рнапхгаҩы Адҵаҟаҵаҩ хада адырра ииҭеит ар аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа ишрызхиоу азы.

Ашәарҭадара ахеилак аилатәараҟны иазааҭгылеит ишьақәгылаз арра-политикатә ҭагылазаашьа, иалкаан атәыла ахьчаратә лшарақәа рырӷәӷәара иазырханы ирыдыркылаз аибашьратә еиԥш, аполитика-дипломатиатә, аекономикатә, асоциалтә, аинформациатә, уҳәа аҟазшьа змоу аԥхьа иҟаҵатәу ауснагӡатәқәа.  

 


Read 24 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.