АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:36

ААУ иаатит IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2025».

Аҟәа.  Жьҭаарамза 13,  2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатит IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2025». Уи рхы аладырхәуеит Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи 30-ҩык инареиҳаны асахьаҭыхыҩцәа.

Сынтәа аусмҩаԥгатә иазкуп Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба диижьҭеит 80-шықәса аҵра.

ААУ аректор, Урыстәылатәи Иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиа академик, апрофессор Алеко Гәарамиа еизаз аусмҩаԥгатә аартра рыдиныҳәалеит.

«IX Жәларбжьаратәи арт-пленер акыр зҵазкуа ахҭысқәа раамҭазы имҩаԥысуеит... Зегьы ҭышәынтәаланы имҩаԥысуан апандемиа алагаанӡа. Уи иахҟьаны ҳара ишьақәгыланы иҳамаз атрадициа еиԥаҳҟьар акәхеит. Ааига ҳара ҳаргачамкит даҽа хҭыскгьы, Чачба-Шервашиӡеи егьырҭ еицырдыруаз асахьаҭыхыҩцәеи русумҭақәа ахьыҵәахыз Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра. Уажәы, иҟаҵоу ауснагӡатәқәа ирыбзоураны, Ацәыргақәҵатә зал Хада еиҭашьақәыргылоуп, асахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы уи аԥсҭазаара ҿыц аҭаразы активла ацхыраара ҟарҵоит», - ҳәа иҳәеит Алеко Гәарамиа.

Аректор иахьа арт-пленер ахьымҩаԥысуа ауниверситет аҟазарақәа рыҟәша ааигәа афакультетны ишьақәыргылахеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит, уи асахьаҭыхыҩцәа рзанааҭтә шьақәгылара иацхраалоит, Аԥсны азы акадырқәа разыҟаҵара алнаршалоит.

Арт-пленер актәи амш азы имҩаԥысит анаука-практикатә конференциа «Атрадициақәеи ҳаамҭеи».

Ажәахә «Асахьаҭыхратә ҟазараҿы атрадициақәеи ҳаамҭеи» ҟаҵо дықәгылеит ААУ аҟазарақәа рфакультет адекан, адоцент, Ҳаамҭазтәи аҟазара Жәларбжьаратәи академиа алахәыла-акорреспондент Ныгәзар Логәуа.

ААУ аҟазарақәа рфакультет адекан ихаҭыԥуаҩ Руслан Чхамалиа ажәахә «Аплакат ароли анырреи 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы» ҟаҵо дықәгылеит.

Аԥсны Жәлар рартист, адирижиор, акомпозитор, ААУ аҟазарақәа рфакультет арҵаҩы Нодар Ҷанба иқәгылара амузыкеи асахьаҭыхратә ҟазареи иазикит.

Аԥсни Урыстәылеи рлитературатә традициақәа дрылацәажәеит апоетесса, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гәында Сақаниа.

Атема «Ижәытәу аԥсуа раӡнытә ԥара атрадициақәа реиқәырхара аҳасабала» ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит ААУ аҟазарақәа рфакультет адизаин акафедра аиҳабы, апедагогикатә наукақәа ркандидат, адоцент Елена Лабахәуа.

«Ахаҿаарԥшразы ҳаамҭазтәи аформақәа» атемала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит  ААУ аҟазарақәа рфакультет асахьаҭыхра акафедра арҵаҩы, асахьаҭыхыҩ-аҿыханҵаҩ Идает Аҭрышәба.

Акерамикатә ҟазара атрадициақәа дрылацәажәеит ААУ аҟазарақәа рфакультет асахьаҭыхра акафедра арҵаҩы, асахьаҭыхыҩ-акерамист Мадина Бадриева.

Аграфикатә дизаинер Ахра Аџьынџьал иҟаиҵаз ажәахә амҿы иалху атрадициатә маҭәарқәа рҿы аԥсуа арнамент иазикит.

Жьҭаарамза 14 инаркны 18-нӡа арт-пленер алахәылацәа Аҟәа ақалақь аҿы еиуеиԥшым аҭыԥқәа ирҭаауеит, иара убас иаҭаауеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислв Арӡынба иқыҭа гәакьа Аладатәи Ешыра, ақалақьқәа Гагра, Афон Ҿыц, аӡиа Риҵа.

«Апленер Владислав Арӡынба иахьизку инамаданы, ҳара апленер алахәылацәа акырӡа иԥшӡоу, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада ихәыҷра ашықәсқәа ахьихигаз Ешыра ақыҭа аҭаара иазҿлымҳахоит ҳәа иҳаӡбеит», – ҳәа иҳәеит ААУ аҟазарақәа рфакультет адекан Ныгәзар Логәуа.

IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2025» хыркәшахоит жьҭаарамза 20 рзы ААУ афоие аҿы еиҿкаахо аусумҭақәа рцәыргақәҵа ала.

Арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2025»  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵо адгыларала имҩаԥысуеит.

Апроект «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа» нагӡахоит 2013 шықәса инаркны ААУ аҿы, Жәларбжьаратәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла «Аԥсны-арти» Амилаҭтә сахьатә галлереиеи рыла. Арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа - 2025»  мҩаԥсуеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ицхыраарала.

 

 

 

 

 


Read 34 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.