АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 21:07

Амра Ломиа Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара, Аинвестициатә программа анагӡашьеи Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи робиектқәа рҿы изаамҭанытәиу аргыларақәеи аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи рылацәажәареи иазкын Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аҿы имҩаԥысыз аилатәара.  

Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы  Демир Гамсаниа аколлектив дыдирдырит ихаҭыԥуаҩ ҿыц – Амра Ломиа.  Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, лара азанааҭтә ԥышәа ду лымоуп, лмаҵураҭыԥ ҿыц дахагылоит аусура анырацәоу аамҭазы.

«Ҳара инамҩатәны ареспублика иахьаҵанакуа иҟоу жәабала аобиектқәа ахылаԥшра аҳҭоит, активла Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара адгылара аҭаразы Аинвестициатә программа анагӡара мҩаԥысуеит. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Зураб-иԥа Гәынба хаҭала ҳнапы ианиҵаз аусқәа ыҟоуп. Ҳусураҿы иҟоу аҭахԥхықәрақәа ԥхьаҟа еиҳагьы ирыцлоит. Агәра ганы сыҟоуп, Амра Оҭар-иԥҳа ҳҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵақәа рынагӡараҿы иалшо ацхыраара шыҟалҵо», – ҳәа иҳәеит Демир Гамсаниа.

Амра Оҭар-иԥҳа Ламиа диит Тҟәарчал 1985 шықәса ԥхынҷкәынмза 17 рзы.

2003 шықәсазы абжьаратәи ашкол ахьтәы медалла далгеит, анаҩс 2004 шықәсазы дҭалеит, 2009 шықәсазы ибзиаӡаны далгеит – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет «Афинансқәеи акредити» азанааҭ.  

2009 шықәса инаркны 2018 шықәсанӡа ААУ амаҭәарқәа «Анаплакы афинансқәа», «Аинвестициақәа» рыла алекциақәа дрыԥхьон.    

2010 - 2013 шш. – Ареспублика Аԥсны аекономика Аминистрра аекономикатә анализи азԥхьагәаҭареи рыҟәша аспециалист хадас аус луан.

2013 – 2016 шш. Б.Н. Ельцин ихьӡ зху Уралтәи Афедералтә университет далгеит «Аргылара» азанааҭ ала аҵара лҵон.

2013 – 2018 шш. – Аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныргылара» аплан-економикатә ҟәша аспециалист хадас аус луан.

2018–2020 шш. – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Макси» аҭирақәа рзы аменеџьер, Зҭакԥхықәа Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Типорт» (ақ. Москва) азаҵәылаҭира аҟәша аменеџьер.

2020 – 2021 шш. – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аԥсны-Оил» (Абылтәыҭирҭатә Станциақәа реизак «Подорожник») афинанс-економикатә ҟәша аспециалист хадас аус луан.

2021 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа  – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аԥсны-Оил» (Абылтәыҭирҭатә Станциақәа реизак «Подорожник») афинанс-економикатә ҟәша аиҳаҩыс аус луан.

2023 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа  – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Бзыԥтәи атерминал («Бзыбский Терминал») (Бзыԥҭа аҳаблан иҟоу анефтшьҭаҵарҭа)  афинанс-економикатә ҟәша аиҳабыс аус луан.

Аҳасабырбатә ҳасаббареи аудити ркурс дахысит (ЗҲәА «Консаудит», ақ. Аҟәа).  

 

 

 

 


Read 23 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.