АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:24

Авидеопроект «Ажәа-еинраалақәеи алакәқәеи» ААУ аҿы аӡыргара мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Авидеопроект «Ажәа-еинраалақәеи алакәқәеи» аӡыргара мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы.  

Авидеопроект ахықәкы хада  — ахәыҷқәеи аҿари рыбжьара аԥсуа бызшәа апопулиаризациа. Урҭ рзы авидеоформат аҿы адгалара мҩаԥгоуп  20 жәеинраалеи 10 аԥсышәала ицәажәо аԥсуа лакәқәа аудиои анимациатәи аверсиақәа, Таиф Аџьбеи Алықьса Гогәуеи рпоемақәагьы уахь иналаҵаны.

Аԥсуа поетцәа Таиф Аџьба, Саида Делба, Мушьни Лашәриа, Еҭери Адлеиба, Белла Барцыц, Рушьбеи Смыр, уҳәа егьырҭ  рырҿиамҭақәа артистцәа Кама Инаԥшьба, Ҭемраз Чамагәуа, Саида Камкиа, Милана Ломиа рынагӡара иаарԥшхоит.

Артистцәа аиҿкааҩцәа: апроект автор – Беслан Лагәлаа, аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа, аконтент-студиа «Абааш» иҭабуп ҳәа рарҳәеит аусмҩаԥгатә ахь ироуз  ааԥхьара азы.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ААУ арҵаҩцәеи астудентцәеи.

Еизаз рахь ихы рханы ААУ афилологиатә факультет адекан Баҭал Ҳагәышь ажәахә ҟаиҵеит. Уи аԥсуа бызшәа аиқәырхареи инарҭбааны ахархәареи  – зегьы ирзеиԥшу усуп, зегьы ирзеиԥшу ҭакԥхықәроуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп – аҿар аԥсуа культуреи абызшәеи радыԥхьалара», - ҳәа иҳәеит Баҭал Ҳагәышь.

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳҭнықалақь Ахадара Аусбарҭа адиректор Ельза Ҳагба апроект авторцәа ридеиа дадгылеит, уи аԥсуа бызшәа аиқәырхара – ҳажәлар рҿаԥхьа иқәгылоу хыдҵа хаданы иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.

«Ҳара ас еиԥш иҟоу апроектқәа рӡыргареи рынагӡареи алҳаршалароуп, уи ахатәы бызшәа адырра аҿы иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбараҿы хра злоу ароль нанагӡоит», – ҳәа илҳәеит лара.

«Абааш-студио» акоманда ахаҭарнак, апроект азы аконтент алхра азы аҭакԥхықәра зду Леуан Лагәлаа иарбоу апроект ирацәаны ауаа, ахәҭакахьала астудентцәа аднаԥхьалалоит ҳәа агәыӷра ааирԥшит. Иара убас, уи иажәақәа рыла, анеироҳақәа рхархәарагьы азԥхьагәаҭоуп.

«Ҳара ари апроект ҳаԥхьаҟагьы иацаҳҵарц ҳҭахуп, уи алҵшәақәа зеиԥшрахо инамаданы.  Уажәнатә иубаратәы иҟоуп аудиториа аҟынтәи азхьаԥшра бзиа шамоу, уи ҳәарада анаҩстәи аусуразы  агәазҭазаара унаҭоит», – ҳәа иҳәеит иара.

Ашәҟәыҩҩы Геннади Аламиа, ахәҭакахьала, абызшәа аиқәырхара – аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура еиқәзырхо акакәны иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 

 

 


Read 47 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.