Гәык-ԥсык ала ҳрыдныҳәалоит ашколхәыҷқәеи, астудентцәеи!
Акыр иаԥсоу ашколхәыҷкәа, астудентцәа! Шәҵарамшқәа зегьы ҭәызааит аартрақәа ирыцу насыԥла, гәацԥыҳәарала. Иҿымцәааит Ҳаԥсадгьыл ахь ҳхатәы бызшәа, ҳкультура, ҳҭоурых ахь ишәымоу абзиабара. Ҳара агәра ҳгоит дасу шәзызҟазахо аус алхра шшәылшо, ҳтәыла аҵеира шәаԥсаны шәшыҟало.
Ҷыдала срыдныҳәаларц сҭахуп раԥхьаӡакәны ашкол ахь зшьапы еихызгаз актәи акласс аҵаҩцәа! Шьапымшла шәанылаааит ари амҩа, арҵаҩцәа ражәа ԥхақәа, агәеизҳара ацны!
Ҳаҭыр зқәу аушьҭымҭацәа! Шәара шәзы аҭакԥхықәра ду зцу ҵарашықәсуп ари. Шәаԥхьаҟа ишьҭоуп аҵак ду змоу аԥышәарақәа, азанааҭ алхра. Уажәшьҭа шәҵарашықәсқәа раан ишәоуыз адыррақәа реихшьала иаамҭоуп, урҭ шәрықәныҟәоит аԥышәарақәеи азанааҭ алхреи раан.
Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп арҭ ашықәсқәа зегьы знапы шәаныз арҵаҩцәа.
Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа! Ахә ашьара уадаҩуп шәаааԥсара, иаԥсаны игылааит Аԥсназы зеиҵааӡара шәаҿу аҿар!
Ашколхәыҷқәа рҭаацәа рыхшара ргәыхәтәыхьӡарала, реихьӡарақәа рыла ирықәгәырӷьалааит!
Ҽаанбзиала шәнеилааит зегьы!