Аспорттә шҭа аартра аусмҩаԥгатә аҟны дықәгыло, Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара ас еиԥш, аҿар аспорт рҽахьазыҟарҵо аспорттә шҭақәа раартра иамоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.
«Ас еиԥш иҟоу апроектқәа аҵак ду рымоуп ҳтәылаҟны аспорт арҿиаразы, аҿар адгылара рыҭаразы урҭ цхыраагӡа дуны иҟалоит», — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада урыстәылатәи иколлегацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аспорттә обиектқәа рыргылараҟны иҟарҵо ацхырааразы.
Бадра Гәынба даҽазныкгьы аҵаҩцәа аҵарашықәс ҿыц алагамҭеи аспорттә шҭа аартреи рыдиныҳәалеит.