АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 18:24

Аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла имҩаԥысуа 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны аделегациа нанҳәамза 27,  2025 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу 62-тәи Дамасктәи  жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа алахәхаразы Шьамтәыла иаҭааит. Аделегациа ахадараҿы дыҟоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аделегациа иара убас иалахәуп аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, акультура аминистр Даур Ақаҩба, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы апроректор Максим Ӷәынџьиа, Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура аспециалист хада Саид Сангәлиа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ааигәа Мрагылареи Африкеи рдепартамент аиҳабы  Артур Гагуәылиа.

Аԥснытәи аделегациа Шьамтәылатәи аҳаирбаӷәазаҿы ирԥылеит аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али напхгара зиҭоз Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәа.

Аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла имҩаԥысуа 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхоит Шьамтәыла Анапхгареи атәыла Ахада Аҳмад аль-Шарааи рааԥхьарала. Аусмҩаԥгатә нанҳәамза 27 рзы имҩаԥгахоит.

 


Read 34 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.