АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 18:22

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: Урыстәыла аганахьынтә ахьыԥшымра азхаҵара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭынч ҿиареи аҭышәынтәалареи хәдықәҵара ауит, ҳҳәынҭқарреи уи атәылауааи ршәарҭадаразы игәрагоу ашьаҭа шьақәнаргылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аганахьынтә ахьыԥшымра азхаҵара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭынч ҿиареи аҭышәынтәалареи хәдықәҵара ауит, ҳҳәынҭқарреи уи атәылауааи ршәарҭадаразы игәрагоу ашьаҭа шьақәнаргылеит. Абри атәы аҳәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымреи асуверенитети Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи 17 шықәса аҵра иазкны иҟанаҵаз аофициалтә дырраҭара аҿы.

Нанҳәамза 26 азы Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымреи асуверенитети Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи 17 шықәса ҵуеит. Аҭоурыхтә усԥҟа No1261 инапы аҵаиҩит Урыстәыла ахада Д.А. Медведев, 2008 шықәса нанҳәамза 26 азы.

«Ари алахьынҵатә ӡбамҭа, амилаҭтә хақәиҭратә қәԥараан зхалахатәҳәаақәҵаратә зин зыхьчоз аԥсуа жәлар рганахь ала аҭоурыхтә аиаша аиҭашьақәыргылара иашьананы иҟалеит. Урыстәыла аганахьынтә ахьыԥшымра азхаҵара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭынч ҿиареи аҭышәынтәалареи хәдықәҵара ауит, ҳҳәынҭқарреи уи атәылауааи ршәарҭадаразы игәрагоу ашьаҭа шьақәнаргылеит.

Иҳаҩсыз 17 шықәса ирылагӡаны шәышықәсалатәи аиҩызареи аешьареи ртрадициақәа шьаҭас измоу Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа зегьрылатәи астратегиатә еиҩызареи аидгылареи рыҩаӡара аҟынӡа ихалеит. Аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә усхкқәа зегьы рҿы аимадара динамикала аҿиара амоуп.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны, аԥсны-урыстәылатә усеицура шьаҭа ӷәӷәаны иҟаҵаны, ихьыԥшым демократиатә ҳәынҭқаррак аҳасаб ала агәрагара аарԥшны аҿиареи жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи иаҿуп, еизҳазыӷьо ауаажәларра аргылара аганахь амҩа иқәуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭа Хада иаланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

 

 


Read 34 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.