АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жьҭаара.2022

АԤСНЫ АНАПХГАРА ГАГРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИҞОУ АФЫРХАЦӘА РМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Гагра араион Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 30-шықәса ахыҵра инамаданы, Гагра ақалақь аҿы имҩаԥысит  1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку ацеремониа.  

Иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь, Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз ацеремониа рхы аладырхәит зықьҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

Атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа иара убас Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.


Read 294 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 23:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.