АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Нанҳәа.2025

Аминистрцәа Реилазаараҿы хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа ртәанчахәқәеи ироуа аԥаратә цхыраагӡақәеи рышьҭыхра азҵаара иалацәажәеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа ртәанчахәқәеи ироуа аԥаратә цхыраагӡақәеи рышьҭыхра азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥигеит.  Аилатәара рхы аладырхәит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьбеи Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы  Денис Гәылариеи.

Иалацәажәеит ҳазҭоу ашықәс азы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа, Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа, зыԥсҭазаара иалҵыз аибашьра аветеранцәа рҭаацәа, аҳәынҭқарратә хьӡқәа змоу атәанчаҩцәа,аорденқәеи амедалқәеизанашьоу атәанчаҩцәеи егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәеи ироуа атәанчахәы ашьҭыхра. 

Адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны аминистрцәа Реилазаара аҿы ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса инаркны ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа ироуа аԥаратә цхыраагӡақәа рышьҭахра азԥхьагәаҭоуп.

Аминистр иҟаиҵаз адырра инақәыршәаны, аԥаратә цхыраагӡа зауа ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа  рхыԥхьаӡара аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыла  4500 рҟынтәи 5 500 рҟынӡа иазҳаит.

Ԥхынгәымза 1, 2025 шықәса инаркны аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра атәанчахәи егьырҭ асоциалтә шәатәқәа змауа, хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы ахь ацҵақәа шьҭыҵит.

Нанҳәамза 1, 2025 шықәса инаркны  1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи аинвалидцәеи, Асовет ар аинвалидцәа, Афганистан имҩаԥысуаз аибашьра аинвалидцәа, Афганистан иҭахаз рҭаацәа, Чернобыльтәи Атамтә Фымцатә Станциа аҿы иҟалаз авариа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иалахәыз ироуа ашәатәқәа шьҭыхуп.


Read 150 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.