АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Жьҭаара.2022

ЦӘЫББРАМЗАЗЫ АԤСНЫ АБИУЏЬЕТ АШӘАХТӘ ШӘАТӘҚӘА РАҲАСАБАЛА ИАЛАГАЛАХЕИТ 511,3 МЛН. МААҬ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамзазы ареспублика абиуџьет ашәахәтә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 511,3 млн. мааҭ. Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 386,0 млн. мааҭ. Убас ала, цәыббрамзазы аплан анагӡара  – 132% рҟынӡа инаӡеит. Абри атәы аанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аофициалтә саит.

2022 шықәса жәымз ирылагӡаны ареспублика абиуџьет  иалагалахеит 2 млрд 992,8 млн.  мааҭ ашәахтә шәатәқәа. Убри аан планла иазԥхьагәаҭан 2 млрд 169,5 млн мааҭ. Аплантә рбагақәа нагӡоуп 138% рыла. Фактла иалагалаз ашәатәқәеи планла иазԥхьагәаҭаз ашәатәқәеи рыбжьара аивгара аицҵалыҵ 823,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

2022 шықәса жәымз рыла араионқәа рыла ашәахтә лагалақәа наӡоит:

Аҟәа ақалақь  – аплан ала иазԥхьагәаҭан   1 млрд 141,3 млн.мааҭ, иалагалахеит 1 млрд 429,3 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар, 125%.

Гагра араион – аплан ала иазԥхьагәаҭан  526,8 млн. мааҭ, иалагалахеит 838,6 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар  159%.

Гәдоуҭа араион – аплан ала иазԥхьагәаҭан  177,3 млн.мааҭ, иалагалахеит 297,4 млн.мааҭ, даҽакала иуҳәозар 168%.

Аҟәа араион - аплан ала иазԥхьагәаҭан  112,0 млн.мааҭ, иалагалахеит 114,4 млн.мааҭ, даҽакала иуҳәозар 102%.

Гәылрыԥшь араион – аплан ала иазԥхьагәаҭан 50,9 млн. мааҭ, иалагалахеит 74,1 млн.мааҭ, даҽакала иуҳәозар 146%.

Очамчыра араион – аплан ала иазԥхьагәаҭан 109,3 млн.маҭ, иалагалахеит 156,8 млн.мааҭ, даҽакала иуҳәозар 143%.

Ҭҟәарчал араион – аплан ала иазԥхьагәаҭан 18,8 млн.мааҭ, иалагалахеит – 44,1 млн. мааҭ, даҽакала  иуҳәозар 235%.

Гал араион – аплан ала иазԥхьагәаҭан 33,1 млн.мааҭ, иалагалахеит  38,0 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар 115%.


Read 325 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 21:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.