Маҳамад Еркенов иааԥхьарала Аԥсны амыфҭы Ҭемыр Ӡыба Афорум аусура ихы алаирхәит, уи иара убас апленартә еилатәараҿы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит. Иҟаиҵаз адныҳәадларатә ажәахә аҿы амыфҭы Ҭемыр Ӡыба адинхаҵарабжьаратәи адиалог, еиуеиԥшым аконфессиақәеи акультурақәеи иҭышәынтәалоу реицыҟазаара, иара убас аԥсуа жәлар реиԥш, нхыҵкавказтәи ажәларқәа зегьы рзы акультуратә код иузаҟәымҭхо хәҭаны иҟоу аԥсылмантә аҵак дуқәа реиқәырхареи реихаҳареи иазырхоу аусеицура ахымԥадатәра иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Черқьесск имҩаԥысуаз ари аусмҩаԥгатә алахәылацәа рацәаны еиднакылеит: адинхаҵаратә еилазаара ахаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, астудентцәа, Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспублика аҵарадырратә еиҿкаарақәа рырҵаҩцәа, иара убас Адыгеиа, Даӷьсҭан, Калмыкиа, Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа, Ҭаҭарсҭан, Краснодартәии Ставрополтәии атәылаҿацәқәа рхаҭарнакцәа. Ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика Жәлар Реизара ахантәаҩы ихҭыԥуаҩ Умар Чеккуев, Нхыҵ Кавказтәи Афедералтә Округ аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҷыдалкаатә хаҭарнак ицхырааҩ Аидамир Валиев, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика Анапхгара алахәылацәа, Урыстәыла амилаҭқәа русқәа рзы Афедералтә Агентра Арегионбжьаратә Аусбарҭа ахаҭарнакцәа.
Афорум апрограмма инарҭбаан, адинхаҵарабжьаратәи адиалог арҿиареи атәылауаҩратә акзаара арӷәӷәареи иазырхаз аметодологиатә семинарқәа, астол гьежьқәа, атренингқәа рыла ишьақәгылан.
Аҭаара акульминациатә хҭысны иҟалеит араҟа Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭеи (ЕДУМ) Ареспублика Ҟарачы-Черқьессиа аԥсылманцәа Рдоуҳатә Усбарҭеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара. Ари аусшәҟәы адинхаҵаратәи арккаратә усхкқәа рҿы комплексла аусецуразы хра злоу шьаҭаны иҟалеит. Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аквалификациа ашьҭыхра акурсқәа реиҿкаара, адинмаҵзуҩцәеи аԥсылмантә дисциплинақәа рызҭои рзы аҵаратә программақәеи атренингқәеи реиҿкаареи рымҩаԥгареи азԥхьагәаҭоуп. Ҷыдала ахшыҩхышьҭра аҭахоит аҿар рзы адоуҳа-рккаратә лагерқәа реиҿкаара. Иара убас иазԥхьагәаҭоуп аинформациатә материлқәа раԥҵара, аԥсылманра, уи акультуреи атрадициақәеи рзы адыррақәа рыларҵәара иазку ашәҟәқәеи аброшиурақәеи рҭыжьра.
Иарбоу аиқәшаҳаҭра Аԥсни Нхыҵ Кавкази аԥсылмантә еилазаарақәа рыбжьара аимадара арӷәӷәара азы иҿыцу алшарақәа аԥнаҵоит, адоуҳатә акзаара арӷәӷәареи арккаратә усура аҿы аԥышәеимадареи иацхраауеит. Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа иҭабуп ҳәа ранаҳәоит Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика аԥсылманцәа Рдоуҳатә Усбарҭеи «Аԥсылмантә культура, анаукеи аҵарадырреи Рфонди» афорум аиҿкааразы.