АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Лаҵара.2025

Владимир Делба: аҳәынҭқарра ашәахтәшәара аидара ламысцқьала зшәахтәшәаратә ҭакԥхықәра назыгӡо мацара ирыднамҵалароуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса алагара инаркны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аусуреи уи аеффективра ашьҭыхреи иазкын атәыла аԥыза-министр Владимир Делбеи аминистр Едгар Бениеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Аминистр ишазгәеиҭаз ала, аусура аҿы ашәахтәшәаҩцәа раарԥшреи ашәҟәы рҭагалареи, иара убас ашәахтәшәаҩцәа аҳасабырба злаҟарҵо ашәахтәқәҵара арежим аҭҵаареи аиҳарак ахшыҩзышьҭра аҭахоит.

Аминистрра аргылара аобиектқәа ирӷәӷәоу ахылаԥшра анаҭоит, ҷыдала ахшыҩзышьҭра анаҭоит  адгьылтә шәахтә анапхгараҭара.

«Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аамҭак ала ашәахтә закәанԥҵара иалагалахо аиҭакрақәа реиқәыршәареи имҩаԥнаго аусура аҩаӡара ашьҭыхреи иазырхоуп», –  ҳәа иҳәеит Едгар Бениа.

Аԥыза-министр аҳәынҭқарра ашәахтәшәара аидара цасҳәа ауал зымшәо рызхьаԥшрада ламысцқьала зшәахтәшәаратә ҭакԥхықәра назыгӡо мацара ирыднамҵалароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Иналак-аалакны азнеишьа ҟамлароуп. Ахыдҵа дуқәа ҳаԥхьа ишьҭоуп. Ашәахтә усбарҭа ахь иҟоу агәрагара аҩаӡара ессааира иҳаракхалароуп. Ашәахтәқәҵара ииашаны имҩаԥыслароуп зегьы рзы», - ҳәа иҳәеит Владимир Делба.

 


Read 91 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.