АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Лаҵара.2025

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи апрокуратура Хадеи рхадацәа алархәны аоперативтә еилатәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахылҟьа-ҿылҟьа зхылҵыз аусҭҵаарақәа  рымҩаԥысшьа иалацәажәеит азинхьчаратәи амчратәи ахылаԥшырҭақәа рхадацәа алархәны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҿы имҩаԥысыз аоперативтә еилатәара аҿы.

Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Руслан Ажьиба.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи роперативтә маҵзурақәа Апарламент аҿы адепутат Вахтанг Голанӡиа ишьреи адепутат Кан Кәарҷиа ихәреи зыхҟьаз ахысра ҟазҵаз Адгәыр Ҳаразиа иԥшаара иаҿуп, ҳәа иазгәеиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.

Иалацәажәеит иара убас Аҟәа ақалақь аҿы лаҵарамза 9 рзы иҟалаз  атәылауаҩ Гарри Аҩӡба ишьра иадҳәалаз ацәгьоура ала заанаҵтәи аусеилыргареи ацәгьоура иалахәыз зегьы рыԥшаареи раанкылареи рзы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи.   

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахада Дмитри Дбар атәыла аоперативтә маҵзурақәа зегьы русеицуреи ихымԥадатәиу аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа зегьы ианаамҭоу рымҩаԥгареи иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Апрокурор Хада аоперативтә маҵзурақәа русура арӷәӷәареи имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысшьеи рылҵшәақәеи рзы адыррақәа ианаамҭоу аҟаҵареи рзы ааԥхьара ҟаиҵеит.


Read 94 times - Ашәахьа, 02 Рашәара 2025 14:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.