Аӡбарҭа Ларик Џьениа ауаҩшьреи, закәаншьаҭада абџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи рзы ахара идуп ҳәа ишьақәнарӷәӷәеит. Уи ахьырхәра аҳасабала 10 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы ҭакрала ихигарц иқәҵоуп, уа иҟазаара аамҭа данааныркылаз 2022 шықәса ԥхынгәы 14 инаркны иԥхьаӡоуп ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Ҭамаз Аџьба ауаҩшьраҿы ацхыраара ҟаиҵеит ҳәа ахара идҵаны, зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы 7,5 шықәса аҭакра иқәнаҵеит. Аколониаҿы иҟазаара аҿҳәара данааныркыла – 2023 шықәса цәыббра 7 инаркны иԥхьаӡахоит.
Рашәарамза 28, 2022 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан Роман Џьениа дыршьит. Иара ԥшьынтә еиҵамкәан иеихсит автомат ала, нас иԥсыбаҩ иҭыӡҭа иахьаҵанакуаз анышә иарҭеит.