АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Лаҵара.2025

Аенергетика Аминистрра аҿы афымцамч ахәԥса ашәара аганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Инагӡоу аҭиратә усура аихшьаалақәеи ахархәара зауз афымцамч азы ашәатәқәа реизгра ашьҭыхреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирызкын аенергетика аминистр Баҭал Мышәба лаҵарамза  20 рзы имҩаԥигаз инарҭбаау аусуратә еилатәара.  

Аенергетика Аминистрра а-Телеграм-канал аҿы иҟоу адыррақәа рыла, аилатәара аҿы ҳазҭоу  2025 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥныҳәа рыҩныҵҟа аҭиратә усура аихшьаалақәеи оперативла абиллингтә программатә аалыҵ алагалареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Баҭал Мышәба аҭира Аусбарҭа аҿаԥхьа атәыла араионқәа зегьы рҿы ахархәара зауз афымцамч азы ашәатәқәа реизгара ашьҭыхреи афымцамч ахәԥса ашәара аганахьала аиуристтә хаҿқәа рфинанстә дисциплина аларҟәра алмыршареи рзы ахыдҵа ықәиргылеит.

Инарҭбаау аусуратә еилатәара рхы аладырхәит аенергетика Аминистрра ахаҭарнакцәа, «Амшынеиқәафымцамч» аҭира Аусбарҭа аиҳабы Саид Блабба, иара убас «Амшынеиқәафымцмач» аҭиара Аусбарҭа араионтә ҿгақәа зегьы  рнапхгаҩцәа.  

 

 


Read 217 times - Аԥшьаша, 22 Лаҵара 2025 13:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.