АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Лаҵара.2025

Владимир Путин Гәынба Бадра Аиааира 80 шықәса ахыҵра амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Владимир Путин Гәынба Бадреи Аԥсны жәлари Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит

Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра ихьӡала Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит. Адныҳәалараҟны  ҷыдала иазгәаҭоуп Урыстәылеи Аԥсни ажәларқәа анацизм иаҿагыланы ақәԥараҟны инарыгӡаз аҭоурыхтә роль.

«Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаа ҳабацәа, ҳабдуцәа – рхы ақәҵаны, амыҟәмабарақәа рыхганы анацизм ԥыххаа иқәызҵаз аибашьра иалахәызи атыл аҟны аџьа збози хыԥхьаӡара рацәала ауаа ргәалашәара ҳаҭырла иныҟәыргоит, ирхашҭӡом», — иазгәеиҭеит В. Путин. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иаҵшьны иҳәеит «аиашьаратә еиҩызареи аицхыраареи рытрадициа бзиақәа» ҳтәылақәа рыбжьара аидгыларатәии астратегиатәии усеицура арҿиара уасхырс ишамазаауа.

Ҷыдала азеиӷьашьарақәа ҟаҵоуп адныҳәалараҟны аветеранцәа рзы. Путин урҭ «иҭабуп» ҳәа реиҳәоит, ирзеиӷьаишьоит «агәабзиара, агәамч, ақәранҵыра ду». 

 


Read 172 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.