АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:22

Дмитри Медведев Гәынба Бадра Аиааира 80 шықәса ахыҵра амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Ланҵарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра ихьӡала Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалара атекст аҟны ҷыдала иазгәаҭоуп Урыстәылеи Аԥсни ажәларқәа рфырхаҵара иамоу аҭоурыхтә роль. 

«Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аԥхьаҟатәи абиԥарақәа аҭынчреи ахьыԥшымреи рзаагаразы анацисттә агрессорцәа рҿагылараҟны згәы еиҭамԥаз ҳабацәа рфырхаҵара атәы. Афронттә еидгылара, жәҩахыреибаҭыра агәалашәара ҳтәылақәа рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа уасхырс ирымазаауеит», — иаҵшьны иазгәеиҭеит Дмитри Медведев.

Адныҳәалара егьи ахәҭа аветеранцәа ирызкуп. УА Ашәарҭадара Ахеилак анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ  Аиааира аагараҟны атыл аҿы аус зуаз рлагаламҭа азгәаҭаны, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, ахирра.

 


Read 44 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.