Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар инапынҵала Амаҵзура аусзуҩцәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран 97-шықәса зхыҵуа Марииа Ломакина Аиааира Амш лыдырныҳәалеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.
«Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура ахатәы еилазаара зегьы ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра!
Иахьа ҳара амзар аҿы мацара арыцхә азгәаҭара акәӡам иҟаҳҵо, ҳара иахьа Шәара шәеиԥш иҟоу ауаа рыбзоурала адунеи аҿы аҭычра аиқәырхара аналыршаха амш азгәаҳҭоит. Ҳара аидысларақәеи иҟаз ауадаҩрақәеи ргәалашәара анаҩс, иаҳгәалаҳаршәоит Шәара, иагьа уадаҩреи иагьа мыҟәмабареи шәхышәгазаргьы аиашареи аҭынчреи рыгәрагара шәцәымӡакәа аӷа шәиҿагыланы Шәыԥсадгьыл шышәыхьчаз атәы», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.