1988-1991 шш. раан Асовет Еидгыла жәлар рдепутатс дыҟан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭаразы акомиссиа дахантәаҩын. Аԥсуа литература цҳаражәҳәаҩра азиуан Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟны: Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны дыҟан Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа рделегациа даланы (1992ш): ПЕН-клуб аганахьала ашәҟәыҩҩцәа жәларбжьаратәи рконгрессқәа делегатк иаҳасабала дрылахәын Минск (1986ш.), Хельсинки (1988 ш.), Москва (2002 ш.).
В 1988 – 1991 шш. акырӡа имаримыз аамҭақәа шьақәгыланы иҟан, Асовет Еидгыла ахыбгалара иаҿын, зехьынџьара ахаос ыҟан. 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аламҭалазы акәын. Алықьса Гогәуа иҩызцәеи иареи хьаҳә-хьачарада ижәлар ринтерессқәа рыхьчаразы дгылан.
Алықьса Гогәуа – авторс дрымоуп хыԥхьаӡара рацәала ажәабжьқәа: «Хаха-хымш ныҟәа ахьыбжьоу», «Асыс-мҟаа», «Быжь-хаҳәк ианырхыс», «Елана», «Олимпиада», «Анана-Гәында лашҭа», «Ашәаџьҳәаҩ», «Абжынҵ-ҵла», «Ашьа цәгьа», «Быӷькаԥсан», «Амра амшын ианӡаало», «Амацәыс агьама», «Анаҟә», «Кодор – Коракс» уҳәа; ароманқәа: «Аӡиас ццакуеит амшын ахь», «Аси амацәыси», «Аҽыкәаҳа», «Асду», «Уаԥхьа игылоу деилургартә иҟалахьан», «Асҟак дааигәан, аха дузгәамҭеит», «Ашыцра», аповестқәа: "Ашәуа иеҵәа", "Шьха-ҧшӡа", «Мшәагә Дуи Мшәагә Хәыҷи», «Аӡы агьама», адрамақәа: «Амш-уаара», «Аҿықәан».
Алықьса Гогәуа ипроза зыҩаӡара ҳараку аҟазара, ахшыҩҵак ҵаулеи апсихологизми аԥсуа жәлар рлахьынҵеи ҳаамҭазтәи адунеи аҿы ауаҩы иԥеиԥши рзы агәҭынчымреи рыла иалкаахоит.
Алықьса Гогәуа деицырдыруан ажәабжьқәеи, аповестқәеи, ароманқәеи, акритикатә статиақәеи апублицистикеи равторк иаҳасабала. Алықьса Гогәуа ироман-рапсодиа «Асду» акәзар, аԥсуа литератураҿы иналукааша аԥҵамҭахеит, Асовет Еидгыла иалаз ажәларқәа жәпакы рбызшәақәа рахь еиҭаргеит, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь.
Алықьса Гогәуа ихаҭагьы аиҭагара инапы алакын. Иара ибзоурала аԥсышәала ҳрыԥхьоит Фиодор Достоевски иҩымҭақәа «Ацәгьоуреи ахьырхәреи», «Аҵх лашақәа», Лев Толстои иҩымҭа «Иван Илиа-иԥа иԥсра», Константин Федин «и-Аԥсуа ажәабжьқәа» уҳәа убас иҵегьгьы.