Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Цәыббрамза 30 рзы С.У. Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы имҩаԥысит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа иазку аконцерт.
Аплошьад артистцәа ақәгылара иалагаанӡа акыр шыбжьаз аизара иалагахьан. Згәалаҟазаара бзиаз ауаа имыццакӡо Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ала инеиуааиуан. Ааигәа-сигәа иҟоу акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи зегьы ауаа рыла иҭәын, ианыхәла ажәҩан ахь еилыԥхо ихалеит «ажәҩантә фанарқәа». Аиҿырцаара аҟыбаҩ злоу ацыганцәагьы ари аныҳәа рҽазыҟарҵазаап, урҭ ишырдыруа ала ирласны амаркетингтә ҭҵаара мҩаԥганы изҭаху зегьы ираадырхәон еилаарцыруа ампыл хәыҷқәа ажәҩан иалазҵо аимҿаԥақәа (арогатка) – уи збаз ахәыҷқәа ргәырӷьара ҳәаа амаӡамызт.
Амшгьы Аҟәа ақалақь ауааԥсыра ргәырӷьара арманшәаларц иашьҭоушәа икаԥха-каҷҷон: иҭышәынтәалаз аҳауа аԥхарреи амшынынтәи ихааӡа иасуаз аԥшаласи аҭаацәа џьоукы иӡҟыз рхәыҷқәагьы раагара азы алшара рынаҭон. Гәахәара дула иузгәамҭар алшомызт араҟа зцәа зтәымыз аҳәасақәеи, иара убас зықәрахь инеихьоу ауааи шырацәаз.
Аконцерт сааҭбжак иагханы иалагеит. Ари аамҭа иалагӡаны џьара изымтәоз ахәаԥшыҩ хәыҷқәа афантан акәаша-мыкәша акәашарала рхи рҭаацәеи ргәы дырҿыхуан. Абар агәырӷьаратә музыка абжьы геит, иԥшӡоу акостиум лышәҵаны асцена даақәлеит Хьыбла Мықәба. Уи ахәаԥшцәа раԥхьа иқәгыло азы алаҳәара ҟалҵеит. Уи еицырдыруа алегендартә ансамбль «Аԥсны–67» ауп. Урҭ раамышьҭахь ахәаԥшцәа дыргәырӷьеит Џьими Шьумениа, Авто Конџьариа, Анатоли Алҭеиба, Сати Какәыбаа, Лера Адлеиба, Ҭемыр Ҭаниа, Асҭамыр Вартанов, Еснаҭ Сангәылиа, Асҭамыр Кәыҵниа, Саида Габниа, Хаҭуна Ҭарба, Сергеи Смониаков, Мадина Кәарацхьелиа, Мана, Омар Сангәылиа, Альдона Ҵкәуа.
Ашәақәа аԥсуа бызшәала еиԥш аурыс бызшәалагьы инарыгӡон. Аконцерт еиҿкаан Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура Аминистрра ацхыраарала.
29 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсны жәлар Қырҭтәыла ҳаԥсадгьыл ампыҵахалара хықәкыс иҟаҵаны ихацнаркыз Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агеит. Аибашьра 413 мши-ҵхи ицон.